Аиԥылара аартуа, Ашәба Лаша иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, акыр иаҳзаԥсоу ҳашьцәа! Шәбара ҳаигәырӷьоит ара шәыԥсадгьыл аҟны. Ҳара иаадыруеит Ливан Аԥсны иалҵыз ҳашьцәа маҷҩымкәа ишықәынхо, иара убас иаҳдыруеит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Ливан еиуеиԥшым аусхкқәа рнапы шрылаку. Ибзианы иаҳдыруеит шәара – ҳџьынџьуаа ҳаҭырла ишышәзыҟоу, аԥсуа жәлар рмилаҭтә ҵасқәа реиқәырхарагьы шшәылшо шәахьыҟоу аҭыԥ аҟны.
Ливантәи аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәа аԥсшәеибыҳәараан иаҵшьны ирҳәеит есқьынгьы рашьцәа аԥсуаа рыдгылара ишазхиоу.
Аиԥылара иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ливан иҟоу аԥсуа диаспореи рыбжьара аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟатәи рырҿиаразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит, ҷыдала, еиуеиԥшым асоциал-економикатә хырхарҭақәеи агуманитартә усхки рыҟны.