Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Ахада иалхразы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭара далахәын.
Абжьыҭара иара убас иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
«Иахьа иалагеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхразы абжьыҭира. Урыстәыла – ари ҳтәыла азы аиашьаратә ҳәынҭқарроуп, астратегиатә партниор ауп. Ҳара даараӡа ҳазҿлымҳауп ҳаимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара. Аԥсны жәлар Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызара ҳаҭырла иазнеиуеит, еиҷаҳауеит, ахә ҳаракны иашьоит акыр шықәсала иҟанаҵо ганрацәалатәи ацхыраара. Сара агәра згоит, ҳтәылақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы аҿиара шроуа, ишыӷәӷәахо ҳтәылақәа реизҳазыӷьара ахьӡала», – ҳәа аҿҳәараанӡатәи абжьыҭара ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада имаҵурахьы алхрақәа рыҟны иқәгылоуп: аус зуа УА Ахада Владимир Путин, (ахалақәыргылара), Владислав Даванков (апартиа «Ауаа ҿыцқәа»), Леонид Слуцки (ЛДПР), Николаи Харитонов (КПРФ). Алхрақәа мҩаԥыслоит хымш рыҩныҵҟа хәажәкырамза 15 инаркны 17-нӡа.
Хәажәкырамза 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан Аԥсны иаатуеит 30 алхыҭатә ҭыԥқәа. Алхрақәа рхы аладырхәыр рылшоит Ареспублика Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа, мамзаргьы аамҭала инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу зегьы.