Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациеи Афедерациа Ахеилак Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилаки Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти русеицуразы Акомиссиа ацхантәаҩы Владимиром Булавини уи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Мартынови реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҟны иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиа – аделегациа анапхгаҩы, Ахра Ԥачлиа, Бадрик Ԥлиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Урыстәылатәи Афедерациа Асенаторцәа иҭабуп ахырҳәааит имҩаԥысуа аелекторалтә процесс аҟны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала ралахәразы.
Аԥснытәи апарламентә делегациа алахәҩы Вадим Бжьаниа иажәақәа рыла, аиԥылара иалахәыз реиҿцәажәараан Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара арӷәӷәара иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аусура аплан.
Аиԥылара мҩаԥысит аԥхарра аҵаны, аиҩызаратә ҟазшьа аманы.