- Акәашаратә ҟазараҿы рлагалазы аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Афырҭын» ахореографи асахьаркыратә напхгаҩи Алиас Барцыци Мураҭ Қриеи.
- Чаиковски ихьӡ зху москватәи аконсерваториа апрофессор, Попов ихьӡ зху ахортә ҟазара Академиа асахьаркыратә напхгаҩы Алеқсандр Соловиов.
Иара убас, «Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа ахьӡ ихҵоуп аԥсуа драматә театр алашаразы асахьаҭыхҩы Џьумбер Чамагәуа.