Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 96-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ ду, абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа.
Шьоҭа Арсҭаа Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа (1997 – 2013шш) актәи апрезидентс иҟаз, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ахьтәы медал занашьоу раԥхьатәи аҵарауаҩны дыҟан.
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа аԥснытәи абызшәадырҩы, аԥсуа бызшәа аграмматика аспециалист, афилологиатә наукақәа рдоктор (1987ш.), апрофессор (1989ш.), Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иҵабыргу алахәыла, Аԥсны Анауақәа Ракадемиа апрезидент (1997ш.). Қырҭтәылатәи Асрветтә Социалтә Республика иреиҳаӡоу ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ диит Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан, 1929 шықәсазы, март 10 аҽны. Иҵарадырратә мҩа ахы акуеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1955 шықәсазы Афилологиатә факультет кавказтәи абызшәақәа рыҟәша даналга ашьҭахь, иҵара иациҵоит Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуаз абызшәадырра Аинститут аспирантураҿы. Акандидаттә диссертациа ихьчеит 1961 шықәсазы. 1958 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аус азиуан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт.
Владислав Арӡынба инапынҵала 1997 шықәсазы иаԥҵаз Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа раԥхьатәи хадас иҟазгьы Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иоуп. Иара ианашьоуп "Аџьа аветеран" ҳәа ахьӡ ҳаракы, иара убас Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум "Аҳаҭыртә бӷьыц".
Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа ишәҟәы "Аԥсуа бызшәа аграмматика" азы, афилологиа ахырхарҭа ала ианашьоуп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа. Арсҭаа икьыԥхьхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы амонографиақәагьы.
Иара убас дравторуп аԥсуа ҵараиурҭақәа рзы иҭыжьу аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәқәеи ацхыраагӡақәеи.