АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ажьырныҳәа.2025

Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмы змоу Анас Кьышьмариаԥҳаи Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩи ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳа ажьырныҳәамза  9 рзы Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы, уаанӡа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змаз Дмитри Маршьан диԥылеит.

Аиԥылараҿы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, акандидатцәа рышәҟәҭагалара апроцедура, иара убас алхыҩцәа рзинқәа рыхьчареи аилагарақәа раԥырҟәҟәаареи рганахь ала Алхратә комиссиа хадеи алхырҭатә ҭыԥхадақәеи араионтә комиссиақәеи русура аспектқәа,  ирылацәажәеит. 

Дмитри Маршьан Анас Кьышьмариа, хаҭала иара, Акомиссиа Хада ахантәаҩы иаҳасабала, иара убас Акомиссиа аилазаареи аппарати русура аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи Аконституциа рыла иҳәаақәҵахоит ҳәа агәра лиргеит.

«Шәара шусдырра, шәԥышәа, шәҭакԥхықәра Алхратә Комиссиа Хада имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иахәҭоу аҩаӡара аҿы, ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аиҿкаареи амҩаԥгареи шалнаршо азы аӡәгьы агәыҩбара изцәырнагом», – ҳәа иазгәалҭеит аомбудсмен.   

Анас Кьышьмариаԥҳәа Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы алхратә кампаниа амҩаԥгареи абжьыҭара апроцедуреи атәылауаа ринтерессқәа ирықәшәо азакәантә шьаҭала амҩаԥгара алыршара алацәажәара азы аофициалла ашәҟәы иҭагалоу Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рԥылара лгәы иҭоуп ҳәа адырра илҭеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабранмза 15 рзы. Акандидатцәа рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 16 рҟынӡа имҩаԥысуеит.

 


Read 552 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.