АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ажьырныҳәа.2025

Ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсныҟа атауарқәа ралагалара азы аҳазалхратә баџь иҿыцу ақәҵақәа шьақәырӷәӷәоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24, 2014 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 11, ахәҭа 1 инақәыршәаны,  Аԥсны иарбоу Аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура инаркны хы-шықәса иахымгакәа аҳазалхратә ус аганахьала азакәанԥҵара Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) актқәеи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи рышьашәалара алыршаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.

Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма хацыркын 2021 шықәсазы, уи иара убас аҳазалхратә ус аҿы – Аҳазалхратә Закәанеидкыла аиқәыршәара, аҳазалхра-тарифтә политика аиҭакра, уҳәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәак ахԥхьагәанаҭон. 

Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны ажьырныҳәамза  1, 2023 шықәса рҟынӡа ахархәара змаз 1996 шықәсазтәи аредакциа ала (29.09.2021 ш. рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара № 92). Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара  (СНГ) адәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура ацымхәрас Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) аекономикатә усура ахкқәа атауартә нолменклатура ахархәара иалагеит.

Ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, аҳазалхратә тариф аишьашәалара етап-етапла имҩаԥысуеит.

Лаҵарамза 31, 2024 шықәса рзы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ажьырныҳәамза  1, 2025 шықәса инаркны Аԥсны аҳазалхратә ҵакыра ахь атауарқәа ралагалараан иршәо аҳазалхратә баџь ақәҵа ҿыцқәа шьақәзыргыло Ақәҵара  №68 рыдыркылеит. Иарбоу аҳазалхратә тариф аредакциеи Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) аҳазалхратә тарифи реишьашәалара аҩаӡара 50% рҟынӡа инаӡоит.

Аиҿырԥшразы иаагозар, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аҳазалхратә тарифи Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) аҳазалхратә тарифи реишьашәалара аҩаӡара 99% рҟынӡа инаӡоит, атранспорттә хархәагақәа ралагалара азы ақәҵақәа уахь иаламҵакәа.

Иарбоу Ақәҵарала иалагалаз аиҭакрақәа атауартә позициақәа реиҳарак аҵанакит, аха убри аан, аиҳарак аиҭакрақәа иҟоу абаџь ақәҵақәа 2% рҟынтәи 3% рҟынӡа ашьҭыхрала иаарԥшхоит.

Иара убас иазгәаҭатәуп, атауарқәа рыхәҳаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Урыстәыла иҭыжьыз атауарқәа Аԥсныҟа рыиагараан атауар ахьҭыжьыз атәыла азы асертификат (СТ-1) адгалараан аҳазалхратә баџь ашәара ахәҭаны иҟалаӡом. Иарбоу аԥҟара адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа иҟоу ақәҵақәа рыҩаӡара иадҳәаламкәа атауарқәа ралагалараан абаџь ахшәаара аҟынтәи ахы иақәиҭнатәуеит, убас ала активла ахархәара аиуеит  Аԥсныҟа импорт ҳасабла афатә аалыҵқәа, аргыларатә маҭәахәқәа, анефтаалыҵқәа, уҳәа рыиагараан.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

 

 

 

 


Read 17 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.