Ишәхашәмышҭын, ашәарҭадара аԥҟарақәа рықәныҟәарала шәара шәхатә ԥсҭазаара адагьы егьырҭ амҩа иану ауаагьы рыԥсҭазаара еиқәшәырхоит.
284 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит Аҳәынҭқарратә Автоинспекциа аусзуҩцәа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Автоинспекциа аусзуҩцәа амҩаҿы аныҟәара иадҳәалоу 284 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Ф-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ркын. Урҭ шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхуп.
Ареид ҷыдала аҳҭнықалақь Аҟәа алхны, ареспублика зегьы иахьҵанакуа имҩаԥысуан. Аусмҩаԥгатәқәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәшақәа ркадртә еилазаара аротациа мҩаԥысуан.
Автоҳәынҭинспекциа аинспекторцәа ауааԥсыра рахь амҩатә ԥҟарақәа еиларымгаларц азы ааԥхьара ҟарҵоит, ирабжьыргоит ашәрҭадара амаҟақәа ныҟәыргаларц. Ари аԥҟара аиҳарак ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәины иҟоуп. Ахәыҷқәа рыиагара ҟалоит уи азы ҷыдала иҟаҵоу атәарҭақәа рыла.