АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынгәы.2024

Аԥснытәи аделегациа урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿкаарақәа рыстол гьежь иалахуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Псков ақалақь аҿы имҩаԥысуа, аҳәаанырцә иҟоу урыстәылатәи аидгьылуаа реимадара апроблеақәа рылацәажәара иазку астол гьежь иалахуп.

Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа астол гьежь аҿы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит.  Иара Урыстәылатәи Афедерациа аџьынџьуаа рганахьала иаанарԥшуа агәцаракреи ахшыҩзышьҭреи Аԥсны ауааԥсыра рзы еилкаау усуп, ибзиангьы ирыдыркылоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Москва Аҩны» зхырхарҭақәа еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аплошьадкақәа амоуп, уи, жәаҳәарада, иара аидгьылуаа реиҿкаарақәа рыдагьы, егьырҭ, иазинтересу ахаҿқәеи аднаԥхьалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алеқсандр Бигәаа.

Астол гьежь алахәылацәа аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа ҿарацәа рымадара, урҭ аурыс бызшәа дырҵареи аурыс культура аиқәырхареи, иара убас аинформациа аларҵәара аҿы амассатә информациа ахархәагақәа инарыгӡо ароль, уҳәа актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.  

Аиԥылара мҩаԥысуеит онлаини офлаини арежимқәа рыла. Уи рхы аладырхәуеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Урыстәыла арегионқәа рымчратә усбарҭақәа, «Москва Аҩнқәа», урыстәылатәи аидгьылуаа реиҿаарақәеи урысшәала аус зуа амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.


Read 106 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынгәы 2024 21:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.