Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭыӡқәа рҟынтәи иажәыз ашьых ақәгара, ӡыла аиқәыршәара, ацрыӡмҩангара, афымцамҩангага азы ажәытә система аԥсахра. Иара убас аҭыӡқәеи аҩкаагақәеи рыргылара, акафель ашьҭаҵара, аҭуан ҿыцқәа рыҟаҵара, арлашага ҿыцқәа рышьақәыргылара, уҳәа иазԥхьагәаҭоуп. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит ҳаамҭа иақәшәо асанитартәи абылрацәыхьчаратәи анормақәа рықәныҟәара.
«Аргыларатә бригада оперативла аус ауеит, инанагӡо аусура ахаҭабзиара ҳаракуп, уи ҳара иаҳгәаԥхоит. Аусурақәа хацыркын рашәарамза 20 рзы, ас ишцо ицар, ишьақәырӷәӷәаз аҽҳәарақәа хымԥада ҳрыҽҭаҳагӡоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алиас Џьынџьал.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп цәыббрамза аҩшамҭазы. Арратә хәышәтәырҭа анапхгараҭара агәра ганы иҟоуп, ирҿыцхо аполиклиникатә ҟәша амедицинатә персонал аусура аиӷьтәра адагьы, апациентцәа араҟа рыҟазаара аҭагылазаашьа еиҳа иманшәаланы иҟанаҵоит, уи иааизакны амедицианатә маҵзура ахаҭабзиара аҩаӡара акыр ишьҭнахуеит.