АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынгәы.2024

Апарламент апрофилтә Еилакы атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы аԥсны-урыстәылатәи Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа ашьақәырӷәӷәара азы абжьгара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Атауарқәа рыла  ахәаахәҭра арежим азы аԥсны-урыстәылатәи Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа ашьақәырӷәӷәара азы» азакәан апроект иахәаԥшит жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәылацәа аԥшьаша, ԥхынгәымза 25 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы.

Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба, тәыла аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимуаз Миквабиа, иара убас Аԥсны Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Каха Пертаиа.

Лаҵарамза 28, 2012 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рнапхгарақәа рыбжьара знапаҵыҩра мҩаԥгаз атауарқәа рыла ахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азун ԥхынҷкәынмза  23, 2013 шықәса рзы.

Иарбоу Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Апкаанҵа  анапаҵыҩра мҩаԥысит Грозныи ақалақь аҿы, ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса рзы.  

«Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» азакәан инақәыршәаны, Апарламент аҿы аратификациа иахысыз Ареспублика Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи зегьы убасҵәҟьа аратификациа рызузароуп.

Апкаанҵа ахыркәшамҭҿы ишазгәаҭоу ала, уи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсны аҳазалхратә ҵакыра ахь ииагахо атауарқәа рганахьала алагаратә ҳазалхратә баџьқәа раԥыхра азы аҩганктәи аиқәшаҳаҭрақәа аамҭаԥҵәа рыҭара иазырхоуп.

Аилак алахәылацәа изхәаԥшыз Апкаанҵа иааиуа Апарламент асессиа аилатәара аҿы аратификациа азура азы абжьагара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

 


Read 107 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынгәы 2024 22:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.