АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынгәы.2024

Аҟәатәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро иахыҵит – 90 шықәса.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 90 шықәса ҵит Аҟәатәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро аԥҵара ҟалеижьҭеи.  

Аҟәатәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро аԥҵан 1934 шықәсазы, иагьахьӡын усҟан иара «Апролетартә туризм аилазаара» ҳәа («Общество пролетарского туризма»). Аԥсны иамоу аԥшӡарақәеи аԥсабаратә беиарақәеи рыла есымша хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аднаԥхьалон. Абиуро аартра амш инаркны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аналага аҟынӡа есышықәса Аԥсны иаҭаауаз асасцәа рхыԥхьаӡара еиҳа - еиҳа иацлон. Аибашьра ашьҭахь, 1947–1948 шш. Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы атуризм аиҭашьақәыргылара иалагеит.         1948 шықәсазы абиуро «Аҟәатәи атуристтә база аҟны иҟоу аекскурсиатә ҟәша» ҳәа ахьӡ рҿыцын, 1963 шықәса инаркны 1967 шықәсанӡа уи иахьӡын «Аԥснытәи аекскурсиатә база» ҳәа.  Анаҩс уи «Аҟәатәи аекскусиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро» ҳәа ҩаԥхьа ахьӡ ԥсахын.  Уи иаҵанакуан атуризм азы Аԥснытәи аобласттә Хеилак.  Ԥыҭрак ашьҭахь абиуро Асовет Еидгыла аҿы иҟоу иреиҳау абиуроқәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит. Араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа аус руан 150-ҩык, акурорттә сезон азы акәзар – даҽа  30-ҩык рҟынӡа аусзуҩцәа ацлон. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥышәа ду змаз аекскурсиамҩаԥгаҩцәа.  

Аҟәатәи абиуро даараӡа ирацәаны аекскурсиатә маршрутқәа аман. Уи аусуа амҽханакуан Аԥсны мацара акәымкәа Асовет Еидгыла зегьы.  Атуристцәа аиҳарак иазҿлымҳан Асовет Еидгыла ақалақь дуқәа рахь аекскурсиақәа мҩаԥызгоз аҳаиргәыԥқәа, атуристтә дәыӷбақәа рыла Абжьаратәи Азиа, Урыстәыла ахьтәы мацәаз ҳәа изышьҭоу амаршрут ала аныҟәара, Ленинград ақалақь, иара убас Прволжие, Прибалтика, Украина, Қарҭ, Баку, уҳәа рҭаара.  Аҟәатәи амшынбаӷәаза усҟан иаднакылон акруизтә дәыӷба дуқәа.  Адәыӷбақәа «Россия», «Победа», «Грузия», «Абхазия», «Адмирал Нахимов» рыла атуристцәа Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, уҳәа атәылақәа жәпакы  ираҭаауан.

Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Ҟрым аладатәи аган рахь автобустә екскурсиақәа хыԥхьаӡара рацәала ауаа аднаԥхьалон. Акырӡа ирацәаҩны атуристцәа амшын аԥшаҳәа аҟынтәи Нхыҵ Кавказ аҩхаақәа рҟынӡа, Ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыра иахысны Теберда, Домбаи инаӡаны шьҭахьӡа игьежьуан.  

Аԥсны иаҭаауаз асасцәа усҟан, иахьа еиԥшҵәҟьа ашьха ӡиа Риҵа ахь аекскурсиақәа рымҩаԥгара, иара убас Афон Ҿыци аҳҭнықалақьи рҿы  аҭыԥ ԥшӡарақәа рбара даараӡа иргәаԥхон. Иргәаԥхон жәаҳәарада иара убас Аҟәатәи аӡымҽхак ала акатерқәа ирықәтәаны аныҟәарақәа. Еиҿкаахон убасҵәҟьа Гагреи Пицундеи рахь мшынла аныҟәарақәагьы.

Асовет Еидгыла ахыбгалара, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра атуристтә инфраструктура ааха ӷәӷәа анаҭеит. Уи иахьагьы иуныруеит.  Аха Аҟәатәи абиуро уажәгьы Аԥсны атуристтә еиҿкаараны иҟоуп, аԥснытәи акурортқәа рпопулиалра аиҭашьақәыргылара азы аус ауеит.

Мшаԥымза 8, 2016 шықәса рзы иаԥҵан Ареспублика Аԥсны акурортқәеи атуризми Рминистрра аҟны иҟоу, атуристтә усхкы атерриториалтә структурақәа еидызкылаз Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амилаҭтә Туристтә Еилазаара».

Акурортқәеи атуризми Рминистрра Аԥсны «Амилаҭтә Туристтә Еилазаара» анапхгараҭара  Аҟәатәи аекскурсиақәеи аныҟәарақәеи рбиуро аԥҵара 90-шықәса ахыҵра инамаданы ирыдныҳәалоит.

«2016 шықәса раахыс Амилаҭтә Туристтә Еилазаара анапхгареи аколлетиви ламысцқьала рҽазҵәылхны рсура нарыгӡоит, Аԥсынтәыла иаҭаауа атуристцәа  ргәы иҭымҵәо, иреиӷьу ацәаныррақәа рызцәырҵырц азы ирылшо зегьы ҟарҵоит.

Атуризм Аминистрра «Амилаҭтә Туристтә Еилазаара» инанагӡо аусура ахә ҳаракны иашьоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахьала уи иҟанаҵо адгыларагьы азгәанаҭоит.

Аизҳазыӷьареи аманшәалареи, ахирреи аихьӡарақәеи шәзеиӷьаҳшьоит!» – ҳәа ахәҭакахьала иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы. 

 

 

 

 

 

 


Read 129 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынгәы 2024 23:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.