АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынгәы.2024

Апрокуратура Хада Амилаҭтә сахьатә галереиа аҿы иҟалаз абылра азы апроцесуалтә гәаҭара хнаркәшеит.

Аҟәа. Ԥхынгәыза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа ажьырныҳәамза 21,  2024 шықәсазы Амилаҭтә сахьатә галереиа, Абанк «Аԥсны жәларбжьаратәи ахыԥхьаӡарақәа Рцентр», Ареспублика Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла  ахыбрақәа рҿы иҟалаз абылра инамаданы ихацыркыз агәаҭара хнаркәшеит.  

Агәаҭара ишышьақәнаргылаз ала, ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса,  3 сааҭки 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу ахыбра № 31 амца акит. Уи иахҟьаны абанки агалереиеи амаҵзуратә уадақәеи амазареи блит.

Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперт-криминалисттә Центр аҿы имҩаԥгаз аӡбара-комиссиатә абылра-техниатә експертиза ала, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы иҟалаз амцакра иамзызны иԥхьаӡоуп афымцамчцәаҳәақәа реиқәылара, ма ахьанҭара рзышьҭымхра ҳәа ишьақәыргылоуп.  Урыстәылатәи акриминалистцәа иҟарҵаз алкаақәа рыла абылра ахы акит асахьақәа рыҵәахырҭеи абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи ахыԥхьаӡарақәа Рцентр» асервери рыҭуанқәеи ахыби рыбжьара. Гәаӷшақә амцакра ыҟан ҳәа узҳәом.

Имҩаԥгаз агәаҭара алҵшәақәа рыла, ԥхынгәымза  22, 2024 шықәса рзы  иӡбан ашьаус ахацыркра мап ацәкызарц, избанзар ацәгьоура (амца гәаӷшақә аркра), иара убасгьы асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Виктор-иԥа Џьениа иумҭаҿы цәгьара аҭыԥ рымамызт ҳәа ишьаны.

Апрокуратура Хада ашьаусҭҵааратә Усбарҭа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь инанашьҭит  амцакратә шәарҭадара аиҿкаара аусхк аҟны азакәанԥҵара ариашарақәа  ралагалара хымԥада ишаҭаху азы ашәҟәы.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбраҿы амцакра ҟалеит ажьырныҳәа 20 - 21 руха. 4 000 сахьа рҟынтәи еиқәхеит 150 рҟынӡа. Арахь иаланакит Варвара Бубнова лусумҭақәа ҩба. Амца  иқәнахит абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи аԥхьаӡарақәа Рцентр» амаҵзуратә уадақәеи амазареи.

 


Read 97 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынгәы 2024 23:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.