АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа афорум «Здоровое общество» ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба  Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа афорум «Здоровое общество» ихы алаирхәуеит.  Аделегациа аилазаара аҿы иара убас дыҟоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа.

Афорум Росконгресс Афонд аексперттә платформа аекосистема «Здоровое общество» аусмҩаԥгатә хаданы иҟоуп. Афорум иара убас амассатә спорт акультура апопулиаризациа, агәабзиара еиҷаҳарыла азныҟәарала аԥсҭазаара, уҳәа  иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа  ирыдҳәалахоит.

Аусмҩаԥгатә иаднаԥхьалеит 17 тәыла, 57 регион, 1000-ҩык алахәылацәа, 7000-ҩык аонлаи-лахәылацәа. Афорум «Здоровое общество» урыстәылатәи аекспертцәа, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызареи Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгылеи (БРИКС) рхаҭарнакцәа амедицинеи агәабзиарахьчареи рганахьала русеицура иазку адиалог азы аплошьадканы иҟалеит.

Аусмҩаԥгатә Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалаху атәылақәа Апарламентбжьаратәи асамблеиа Ахеилак иҟанаҵо адгылара иабзоураны имҩаԥысуеит.  

Афорум «Здоровое общество» аиҿкаара ахахьы иагеит Росконгресс Афонд. Убри аан уи адгылара анаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра.

 


Read 73 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 12:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.