АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынгәы.2024

Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа апартательқәа рыргылара азы Азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 24 рзы Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа  Беслан Емырхәба, Алмас  Акаба, Герман  Качарааи Резо Занҭариеи Апарламент ахь ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны ашәҟәы иҭаргалаз «Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхра иазку ауснагӡатәқәа рзы» Азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа архынҳәреи уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс аанкылареи рзы аҳәара ҟарҵеит.  

Убри инамаданы, Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит:

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Арегламент инақәыршәаны, Жәлар Реиазара Аиҳабы Лаша Ашәба иарбоу аусшәҟәы  аԥшьызгаз адепутатцәа гәыԥҩык рахь архынҳәра азы Аусшәҟы инапы аҵаиҩит. Убас ала иарбоу азакәан апроект ахәаԥшраҟнытә шьҭахьҟа ирхынҳәхоит уи иазку азакәанԥҵаратә процесс аринахыс иаанкылахоит». 

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, Азакәан апроект Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара, аиҳарак атуристтә индустриа аҿиара азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазку азакәантә шьаҭа шьақәнаргылоит.

Азакәан  иарбан Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҿы зфунциақәа рацәоу амазаратә обиектқәа рыргылара. Зынӡа ари аԥышәатә проект иазԥхьагәанаҭон 10 нызықь номер рыргылара. 

 


Read 94 times - Аԥшьаша, 25 Ԥхынгәы 2024 12:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.