АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Хьыбла Герзмаа: «Сара сзы гәахәара дууп ҩаԥхьа Сыԥсадгьыл аҭаара».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Сара сзы гәахәара дууп сыԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар ирызнаҳго аныҳәазы алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥылара ашьҭахь ажурналистцәа дрыҿцәажәо илҳәеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааԥҳа.

Иахьа Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Хьыбла Гьерзмааи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист  Ильдар Абдразакови идикылеит.

Хьыбла Герзмаа иазгәалҭеит иахьа лара ишлыцқәгыло Мариинтәи атеатр асолистцәа.

«Сыжәлар гәакьа, бзиа избо ауаа, ҳаҳҭнықалақь иаҭааз асасцәа, зегьы иахьа алшара роуеит Маринтәи атеатр аоркестр амузыка шьахә азыӡырҩра», - ҳәа илҳәеит лара.

Хьыбла Герзмаа Аҳәынҭқарра Ахадеи афестиваль аиҿкаараҿы ацхыраара ҟазҵо зегьи иҭабууп ҳәа ралҳәеит.

«Сара насыԥ сыманы исыԥхьаӡоит, иҭабуп ҳәагьы сҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟантәи, Аԥсны акультура Аминистрреи аӡәырҩы сҩызцәа-амеценатцәа рҟынтәи есымша еиԥш уажәгьы ас еиԥш ацхыраареи адгылареи ахьҳауо. Ҳара ацхыраара ду ҳанаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу акультуратә аԥшьгарақәа Рфонд. Ирацәаны ауаа ҳфестиваль ацхыраара иазхиоуп», - ҳәа илҳәеит  Хьыбла Герзмаа.

Аԥсныҟа иаара аҟынтәи иоуз ацәаныррақәа ртәы еиҭеиҳәеит Ильдар Абдразаков.  

«Сара сзы насыԥ дууп ари иџьашьаху атәыла аҭаара, акыр шықәса раахыс сҩыза гәакьаны иҟоу Хьыбла Герзмааԥҳа лывагылара азы алшара ахьсоуз. Иҟан аамҭақәак, ари иналукааша ҳашәаҳәаҩ  лааигәара агыларагьы схахьы ианысзаамгоз. Иахьа сара сааит исылшо ала Хьыбла Герзмааԥҳа лфестиваль амҩаԥгараҿы адгылара лысҭарц азы», - ҳәа иҳәеит иара. Ильдар Абдразаков иара убас гәахәарыла иазгәеиҭеит Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани Жәлар рартист ҳәа имаз ахьӡ инамаданы иахьарнахыс иара Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ шихҵоу.

 

 


Read 84 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.