АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы Апарламент аҩбатәи аԥхьараҿы «Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы» азакәан апроект адкыларазы аԥшьгара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 15 рзы адепутат Беслан Ҳалуашь ихантәаҩрала имҩаԥысит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Изинмчы змоу Ахаҭарнак Баҭал Аиба.

Аилатәара иалахәыз имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа ирықәу ашәахтә қәыӷәӷәара армаҷреи ашәахтәқәҵареи аҳасабырба аҟаҵареи  ирыдҳәалоу апроцедурақәа рырмариареи азԥхьагәазҭо «Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы» азакәан апроект иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофицалтә саит.

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, уи ахықәкы хаданы иҟоуп ареспублика аҿы имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа рыҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара.

Адепутатцәа ахшыҩзышьҭра аҭаны аиҭакрақәеи ацҵақәеи реихшанҵа (атаблица) иарбоу ирыдгалаз азакәан апроект ахь аиҭакрақәа ирыхәаԥшит, иалацәажәеит, анаҩс уи иааиуа Апарламент асессиа аилатәара аҿы аҩбатәи аԥхьараҿы адкыларазы ажәалагала аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.  

Аилатәара аҿы иара убас иалацәажәеит «Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк азы» (Аԥсны Абанк) азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан апроект. Иабоу азакәан апроект ихадароу акредиттә ресурсқәа реихшареи рхархәареи ахылаԥшра аҭара иазку амеханизмқәа ралагаларала ареспублика абанктә система шьаҭанкыла аиӷьтәреи арӷәӷәареи  ралыршара иазырхоуп.  Азакәан апроект автоцәа ргәаанагарала, иарбоу аиҭакрақәа афинанстә система аҭышәынтәалара, Аԥсны Абанк аусура аартреи аеффективреи рыҩаӡара ашьҭыхра, иара убас иҭышәынтәалоу аекономикатә ҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара азы ихымԥадатәиуп.

Апарламенттә Еилакы алахәылацәа ари азакәан апроект аус адулара ацҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 195 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.