АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2024

Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» 2023 шықәсазы инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟанаҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ХII есышықәсатәи аҳасабырбатә еизара Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Араҟа 2023 шықәсазы имҩаԥгаз аусуразы аҳасабырба ҟаҵан.

Афонд аусзуҩцәа инарҭбааны еиҭарҳәеит аиҿкаара аусура аихшьаалақәа ртәы. Аусмҩаԥгатә аҿы иара убас ҷыдала уи иазырхиаз афонд аусура иазкыз аҳасабрбатә фильм дырбан.

Аиԥылара алагамҭазы еиҿкааз «Иҷыдоу ауаа» ҳәа хыс измаз афотоцәыргақәҵа абзиаҟаҵаҩцәа «Ашана» ихадоу ауаа – уи ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу еиҳа иааигәаны рабадырразы алшара роуит.

Аусмҩаԥгатә даҭааит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.

Иҟаҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана»  2023 шықәсазы  60-ҩык  рыхәшәтәразы 70 курс ахәԥса ашәеит, имҩаԥган 22 агәыҳалалратә акциақәа.

Афонд ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 12 349 418 мааҭ еизнагеит, урҭ рахьынтә: аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи иааит - 2 053 454 мааҭ, хазхаҭалаитәи ахаҿқәа рҟынтәи  - 8 856 021 мааҭ.

Аԥаратә хархәагақәа рхыԥхьаӡаларазы ахархәара роуит: аԥараҭра «А-Мобаил» - 92 147 мааҭ, SMS-цҳамҭақәа рыла - 58 314 мааҭ, «Аҟәафон» SMS-цҳамҭақәа рыла - 235 717 мааҭ, амобилтә цҵа Tooba - 540 146 мааҭ, «Ақьиара Аизакырҭа» («Копилка Добра») - 934 764 мааҭ.

Агәыҳалалратә акциа «Иԥшӡоу амашьына адыргақәа» амҩаԥгарала еизгахеит - 3 906 000 мааҭ. Акциа «Ақьиара аурок» еизнагеит 740 363 мааҭ.

Аԥаратә хархәагақәа реизгара мҩаԥысуан иара убас егьырҭ Афонд аинформациатә партниорцәа рыплошьадкақәа рҿы. Урҭ ириуоуп: «Гәдоуҭа-ТВ», «Гагра-ТВ», аҳәынҭқарратә газеҭ «Республика Абхазия», агазеҭ «Аҟәа-Сухум», агазеҭ «Эхо Абхазии», агазеҭ «Чегемская правда», агазеҭ «Гал», Аҳәынҭқарратә Информациатә Маҵзура «Аԥсныпресс», Аилазаара «Aбхаз Авто», аӡырга-информациатә Усбарҭа «Звуковая реклама на рынке» , уҳәа убас егьырҭгьы.

Афонд административ-нхамҩатә усура мҩаԥнагон аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа, апартниорцәа, абзиаҟаҵаҩцәа рхарџь ала. Урҭ иреиуоуп Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Премиум», адәқьан «KHARZAMAN», ауарашршратә зауад «Аҟәатәи», Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк», Акоммерциатә Банк  «Аҟәа-банк» («Сухум-банк»), Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Госстандартстрой», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Градстрой», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Система», аконцелиартә маҭәахәқәа рыдәқьан «Школьный двор», Аӡырга-полиграфиатә Маҵзура «Авантаж», иара убас Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Руад-групп», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Лидер», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Амцабз», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Апсны-Мед», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Саламандра», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Абхаз-Мед», адәқьан «Чайка», Хазхаҭалатәи Аусдкылаҩ Ҭаркьыл, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Триада» , уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҳасабырбатә еизара аҿы дықәгыло афонд аԥҵаҩы Беслан Шакаиа иҳәеит:

«Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ари ашықәс иалагӡаы адгылара ҳазҭоз зегьы.  Ҳара зегьы ҳамчи-ҳалшареи еизакны ацхыраара зҭаху ҳрыдгылоит, иара убри ала агәыҳалалратә хықәкқәа наҳагӡоит».  

Беслан Шьакаиа афонд апроектқәа иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазырхоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ҳара иаабоит ауаа рыԥсҭазаара абзиарахь аҽшеиҭанакуа., уи ҳара даараӡа ҳаргәырӷьоит, аусуура ацҵаразы агәазҭазаара ҳнаҭоит. Аиҳарак иазгәасҭарц сҭахуп хатәгәаԥхарала  ҳацхырааҩцәа рлагала, ҳдонорцәа, ҳпартниорцәа иҟарҵо ацхыраара. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!» - ҳәа иҳәеит иара.

Афонд анапхгаҩы, Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалаԥҳа  афонд жәларбжьаратәи ахырхарҭа ала аусура атәы дазааҭгылеит. Уи лажәақәа рыла, «Ашана» лассы-лассы аус рыцыруеит Урыстәылеи Ермантәылеи рҟынтәи аҳақьымцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атравматологцәа, ахирургцәа, ахәыҷтәы неврологцәа, апсихиатрцәа.

«Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи еицымҩаԥырго апроект «Агәабзиара змоу абиԥара» аҵак ду амоуп. Иҳаҩсыз ашықәс хәажәкыреи нанҳәамзеи рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аортопедтә-ҳақьым Овсеп Даниелиан 240-ҩык ахәыҷқәа дрыхәаԥшит, 15-ҩык ахәыҷқәа рзы апротезқәа ҿаҵан.

Жәабранмзеи нанҳәамзеи рзы Ахәыҷтәы анеирореабилитациатә центр «Импульс» аҟынтәи аҟазацәа 35-ҩык ахәыҷқәа гәарҭеит, урҭ рҟынтәи 8-ҩык ахәшәтәра идәықәҵан. Иазгәаҭатәуп, амедицина ахырхарҭала аҟазацәа Аԥсныҟа иааҳаԥхьаанӡа еиуеиԥшым аганқәа рыла аҭагылазаашьа гәаҳҭоит: иҭаҳҵаауеит иаҳа иаҳҭаху аҟазацәа, насгьы аҭаацәа иҟарҵо аҳәарақәа инарықәыршәаны иааҳԥхьоит", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз Аԥсны амобилтә еимадара Аилазаарақәа рхаҭарнакцәа «згәы ҳалалу абонентцәа», иара убас афонд апартнирцәеи абзиаҟаҵаҩцәеи аџьшьара рыҭара мҩаԥыргеит. Саида Габниа напхгара зылҭо амузыкатә студиа аҵаҩцәа амузыкатә номер ала аизара хдыркәшеит.

Акультура-гәҳалалратә фонд «Ашана» икомерциатәым еиҿкаароуп, уи ацхыраара зҭаху ауааԥсыра адгылара рыҭареи, иара убас амилаҭ агәабзиара аиӷьтәреи еиҵагыло абиԥара рдоуҳатәи рлеишәатәи ҿиара аҩаӡара ашьҭыхреи аԥсуа жәлар ркультура аиқәырхареи иазырхоу еиуеиԥшым асоциалтә программақәа рынагӡареи хықәкыс иҟаҵаны  2008 шықәсазы иаԥиҵеит абизнесуаҩы Беслан Шьакаиа.   

Афонд 12 шықәса аусура иалагӡаны 107,6 миллион мааҭ еизгоуп. 430-ҩык ахәыҷқәа рыхәшәтәразы 624 курс ахә ахшәаауп, 260-нтә агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥган. Акыр шықәса инаиԥынкыланы афонд аинформациатә партниорцәаны иҟоуп: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра, амультимедиатә информациатә Маҵзура «Sputnik-Аԥсны», Ателехәаԥшратә Еилазаара «Абаза-ТВ», амобилтә еимадара Аилазаарақәа  «Аҟәафон», «А-Мобаил».    

 

 

 

 

 


Read 56 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 16:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.