Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ԥхынгәымза 13 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Очамчыра ақалақь 2524 -шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
«Ҳара ҳҿаԥхьа хыдҵа хадас иқәгылоуп Очамчыра ақалақь аекономикатә потенциал дуӡӡа аартра», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы. Уи Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала даԥхьеит Абесалом Кәарҷиа.
«Акыр ауадаҩрақәеи аԥышәарақәеи шәыхганы, ҳаҭыр зқәу очамчыраа, шәара есыҽны тәамҩахә ҟамҵа аусурала ишәылшәыршоит шәықалақь гәакьа аиҭашьақәыргылара, - ҳәа иҳәеит иара. Уи умбаргьы залшаӡом. Очамчыра ақалақь аҭеиҭыԥш есааира еиӷьхоит, ишәҭыкакаҷуеит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит уи азы!
Иахьа шәара шәазгәдууп шыԥшаҳәа, зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа агәабзиарачаԥарҭақәа, аҿиара иаҿу амшынтә баӷәаза, зыргылара иаҿу анаплак ҿыцқәа, уҳәа Очамчыра ауааԥсыреи асасцәеи рзы акыр иманшәаланы иҟазҵо зегьы рыла.
Ҳара ҳҿаԥхьа хыдҵа хадас иқәгылоуп Очамчыра ақалақь аекономикатә потенциал дуӡӡа аартра. Агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы ҳааидгыланы ауадаҩрақәа зегьы ҳшыриааиуа, шәара зегьы – аԥснытәи амшын аԥшаҳәа абырлаш – ари иблахкыгоу ақалақь ауааԥсыра ишәыхәартә еиԥш ҳагәҭакқәа зегьы шынагӡахо».
Аҳәынҭқарра Ахада очамчыраа ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, рықалақь гәакьеи Аԥсны зегьи рзы аихьӡара ҿыцқәа.
«Шәара шәыҩны - Очамчыра – ишәҭыкакаҷлааит, есааира еиҳа-еиҳа еиӷьхалааит шәара шылшамҭақәеи шәыбзиабареи ирыбзоураны! Аныҳәа шәадныҳәалаз, ҳаҭыр зқәу очамчыраа!» - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.