Алеқсандр Анқәаб иажәа иацҵо, шықәсыбжак рыҩныҵҟа иҟалаз 70 - амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рҟынтәи 39 арыӷьарахьала аԥсҟы змоу амашьынақәа рыла иҟылеит, убри аҟнытә аиԥш-зеиԥшу амашьынақәа змоу амашьынарныҟәцаҩцәа рзы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара апроблемақәа рацәаны иҳамоуп, аха ас еиԥш иҟоу ацәыӡқәа рхарҭәаара акырӡа иуадаҩуп. Иҭахаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи агәырҩеи ахьаа ӷәӷәеи рзынхоит. Урҭ ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит жәаҳәарада, аха рхьаа ахҽраҿы акала ҳазрыхәаӡом», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.