АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынгәы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иаатраны иҟоуп абызшәаҵаратә школ «Аихьӡара».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашкол «АИХЬӠАРА» абар шьҭа иаарласны абызшәақәа рҵара зҭаху зегьы рзы ашәқәа аанартуеит.

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа адунеи зегьы аҿы аҳәаанырцәтәи абызшәақәа рҵара азнеишьақәа акыр аҽеиҭанакит. Раԥхьаӡа иргыланы, иарбоу амаҵзура ахкы адҵаалара акыр еиҳахеит, иҩбахаз – аҵара алшарақәа аҳәаақәа рыҽдырҭбааит – иахьа адгылара мҩаԥысуеит абызшәа аҵара иазку еиуеиԥшым аметодикақәа, изҭаху зегьы доусы  ирнарло аформа алырхыр алшоит. 

Аԥсны абызшәа аҵараҿы хазхаҭала азнеишьа азԥхьагәазҭо аҵара аметод ауааԥсыра акыр иазхьаԥшуеит.

Ахатәы абызшәаҵаратә школ «АИХЬӠАРА» аҿы аԥсуа бызшәеи англыз бызшәеи алагарҭатә етап аҟынтәи аҵара алыршахоит. Иара убас арҵаҩцәа ахәыҷы ашколтә ԥышәарақәа разыҟаҵарагьы рхахьы иргоит. Ашкол аартра нанҳәамзазы иазԥхьагәаҭоуп.


Read 55 times - Ашәахьа, 15 Ԥхынгәы 2024 14:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.