Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 11 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилак аилатәара. Аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Барцыц Алхас.
Аилатәараҟны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахтәқәҵара ацәцареи ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рганахьала ашәахтәқәҵараҟнытә аҽыԥхьакра аԥырҟәҟәареи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аҳәынҭқрра азакәан апроект. Уи иаҵаҩын Аҟәа ақалақь аҟны 2024 шықәса лаҵарамза 7 рзы.
Азакәан апроект ахцәажәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба, аԥыза-министр, афинснқәа рминистр Владимир Делба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Михаил Габелиа.
Азакәанапроект азы аилыркаагатә шәҟәы аҟны иҳәоуп Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи азеиԥш социалтәи економикатәи ҭаӡара аҿиара, ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи ашәахтә усқәа рыҟны аусеицура арӷәӷәареи рҳәаақәа ирҭагӡаны ишазырхиоу. Уи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура арҿиара иацхраалоит.
Абри азҵаара ахәаԥшра аихшьалақәа рыла Аилак алахәцәа ари Аиқәшаҳаҭра Апарламент ашьақәырӷәӷәаразы ирыдыргаларц азыӡба рыдыркылеит.