Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ачымазаара бааԥсы иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Ареспублика Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Леонид-иԥа Какуев иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
А. Л. Какуев Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь далхын. Уи ианакузаалакгьы активра злаз ауаажәларратәии аполитикатәи усзуҩны дыҟан. Иара хьаҳәхьачарада иаарԥшуаз итәылауаҩратә позициеи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра аидеиа гәыкԥсыкала изнеишьеи ирыбзораны иуаажәлар рыҩныҵҟа акыр аҳаҭыри апатуи ирҳаит.
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага Альфред Леонид-иԥа активла Ареспублика Аԥсны Анапхгара хыԥхьаӡара рацәала агуманитартәии аполитикатәии азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара аиҭон.
Аԥыза-министр А. Л. Какуев иҭаацәа ргәырҩа шрыцеиҩишо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.