1992-1993шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра азы аиаша аԥхьаҩцәа рызнагара хықәкыс иманы урыстәылатәи апресса аҿы ипублицистикатә қәгыларақәа рзы Аԥсны аинтеллигенциа Ассоциациа ахьӡала апремиа «Аибашьра ашықәсҩыра» («Летопись войны») ианашьахеит.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь 1994 шықәсазы Витали Шариа иҭижьуа далагеит, 30 шықәса аредактор хадасгьы дыҟан есымчыбжь иҭыҵуаз, ихьыԥшым, ауаажәларра-политикатә газеҭ «Эхо Абхазии». Ари агазеҭ адаҟьақәа ирныло иалагеит Аԥсны иҟоу инарҭбаау ауаажәларратә гәаанагара.
Витали Шариа авторс дамоуп аҭоурых-публицистикатә шәҟәы «Абхазская трагедия». Ашәҟәы аԥсуа-қырҭуатә еибашьра зыхҟьаз аҭҵаара иазкуп. Араҟа ианылеит аибашьра ахҭыс хадақәа.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иҭыжьын Витали Шариа икалам иҵыҵыз апрозатә рҿиамҭақәа – жәпакы - аповесть «Аԥснтәи аҵәақәа» («Абхазские яблоки»), Витали Шариа иповестқәеи иажәабжьқәеи реизга «Аҵарҭыша» («Взятка»), «Амра зҿаԥхо амҩаду аганахьала» («На солнечной стороне улицы»), «Атанк аҟама ааста ишәарҭаӡам» («Танк не страшнее кинжала»), «Аԥсны ашәҭшьыҵәра» («Букет Абхазии»).
Витали Шариа истатиақәа, иажәабжьқәа, иповестқәа ркьыԥхьхьан агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы. Урҭ рахьынтәи иҟоуп аерман бызшәеи ауаԥс бызшәеи рахь еиҭагақәоу. Витали Шариа ихаҭа аурысшәахь еиҭеигеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа жәпакы.
Витали Шариа ипроза иазкны астатиақәа рыҩхьан ашәҟәыҩҩцәа Вадим Кожинови Алықьса Гогәуеи.
Витали Шариа еизга «Букет Абхазии» («Аԥсны ашәҭшьыҵәра») 2017 шықәсазы апроза ажанр аҟны Искандер ихьӡ зху апремиа аҳаҭыртә диплом анашьан, 2020 шықәсазы Искандер ихьӡ зху апремиа «Дерево детства» («Ахәыҷра аҵла») аноминациаҟны иажәабжь «Машинка времени» («Аамҭаҿы уеиҭазго амашьына») аԥхьахә аиуит.
Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аусзуҩцәа ирыԥхаз рколлега-ажурналист Витали Шариа иҭаацәа гәалсрыла идышшылоит.