АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2024

Ақалақь Амшныҳәа аҽны Очамчыра аԥсныти аҭыжьыҩцәа раалыҵ ахәаахәҭра-цәыргақәҵа мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Амшиира Очамчыра азгәаҭара иалагеит ақалақь аԥшаҳәа аҿы. Араҟа имҩаԥысуаз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа аҿы ареспублика арегионқәа зегьы рҟынтәи анапҟазацәеи аҭыжьыҩцәеи еиқәшәеит.

Ицәыргақәҵахеит амҿы, аиха, уҳәа аматериалқәа ирылху еиуеиԥшым амаҭәарқәа, аҽырхиагақәа, асахьақәа, абзазараҿы рхы иадырхәо еиуеиԥшым амаҭәарқәа, уҳәа напыла иҟаҵоу егьырҭ аусумҭақәа.  Ари ацәыргақәҵа адгылара арҭеит Очамчыра ақалақь иалҵыз еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа: Варис Тамеев, Асида Аҳәба, Беслан Воуба.

Очамчыра араион ақыҭақәа ахәҭакахьала раалыҵ цәырыргеит: аԥсуа чаи, ахшхарҵәи акәаци ирылху афатә аалыҵқәа, ахаа-мыхакәа, ашәыр, ацха, арыжәтәи ашәырӡқәеи.

Игәырӷьаху аныҳәа агәалаҟазаара еиҳагьы ишьҭнахуан ана-ара игоз амузыка абжьы –  ансамбль «Ерцахә» артистцәа аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡон. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи еибаныҳәон, аныҳәа аиҿкаара аганахьала ргәаанагарақәеи уи ирызцәынагаз рцәаныррақәеи еибырҳәон.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа асас даӷьқәа  – Удмуртиеи Приднестровиеи рҟынтәи аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәеи Очамчыра араион ақыҭақәа рҟынтәи ахаҭарнакцәеи еибаирдырит.

Асасцәа зегьы ирыдыргалеит амилаҭтә чыс хкқәеи аҵәы иахаҵаны иӡу акәаци.

Удмуртиатәи аделегациа ахаҭарнакцәа аныҳәа аҟны ирбаз-ираҳаз аҟынтәи ирызцәырҵыз ацәаныррақәа ртәы еиҭарҳәеит: «Ҳара гәыкала бзиа иаабеит Аԥсны. Араҟа иумбар залшаӡом ауаа рганахьала иҟоу агәцаракреи абзиабареи.

Ҳара ҳаҩныҟа, ҳҭаацәа рахь ҳаазшәа ҳгәы иабоит – даараӡа зегьы бзианы еиҿкаауп, аҳалалра, агәыразра, агәбылра уныруеит. Иҳарҳаит аҩызцәа рацәаны, аҭыԥантәи аҵасқәеи ақьабзқәеи еилаҳкааит. Ҳгәаҵанӡа инеит иаабаз зегьы», - ҳәа ирҳәеит дара.

Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Бендеры ақалақь (Очамчыра аиашьаратә қалақьны иҟоу) ахада Роман Иванченко очамчыраа рысасдкылара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Акыр ҵуеит аԥсуа жәлар иамоу асасдкылара азы алегендақәа аԥырҵоижьҭеи, аха ҳара иахьа ҳаблала иаабаз, уи акырӡа уаршанхоит, угәаҵанӡа инеиуеит. Уаанӡа иҳаҳахьаз аасҭа акыр еиҳауп. Сара аԥсуа жәлар даараӡа бзиа избеит. Дара згәы аарту, иҳалалу, аха убри аан агәаӷь зызҭоу уаауп. Сара уи даараӡа уамашәа избеит. Иумбар залшаӡом аԥсуа жәлар рытрадициақәа шаҟа еиҷаҳауа, пату шақәырҵо. Сара сгәаанагарала уи зегьы ирыцкуп жәаҳәарада.  Аԥсуа жәлар зегьы гәык-ԥсыкала ирзеиӷьасшьар сҭахуп аҭынчра, аизҳазыӷьара, ашықәснҵыра ду, аизҳарақәа, ашәҭыкакаҷра», - ҳәа иҳәеит иара.


Read 116 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.