АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2024

Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Оpen 2024» 13 шықәса зхыҵхьоу алахәылацәа рыбжьара аиааира згаз еилкаахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Оpen 2024» аҩбатәи амш. Иахьа атурнир рхы аладырхәит  13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 40-ҩык инарзынаԥшуа ашахматистцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Кемаль Тос-оглы (ақ.Гагра), Софииа Кособокова (ақ.Красноиарск). Араӡнытә аԥхьахә ргеит Арсени Егоров (ақ.Пицунда), Полина Марченко (ақ. Аҟәа). Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Дамир Адлеиба (ақ. Аҟәа), Мирра Смыр (ақ. Афон Ҿыц).

Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, иара убас аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.  

Атурнир алагеит ԥхынгәымза 12 рзы, иагьхыркәшахоит ԥхынгәымза  14-рзы.


Read 124 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.