Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахь иусуратә ныҟәараан Аҳәынҭқарра Ахада Кәтол ақыҭа даҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳәыра зхиааз астадион дахәаԥшны ианиба ашьҭахь, уи аиҭашьақәыргыларазы аԥара шырзауижьуа атәы иҳәеит.
«Кәтолтәи ашьапылампыласратә клуб «Бзана» аспорттә еицлабрақәа зегьы раан алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит аҟнытә астадион бзиа амазарц ақәнагоуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа Кәтол ақыҭа Администрациа ахада Геннади Ҵулаиа аиҭашьақәыргыларатә аусурақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху аԥаратә хархәагақәа ҽааны абиуџьет алаҵаразы апроект-харџьынҵатә документациа азирхиарц идиҵеит.
Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны илагаламҭазы, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны, уи ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан, иара убас изызҳауа абиԥарақәа реиҵааӡара аус аҟны илшамҭақәа рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Кәтол ақыҭан инхо Александр Ҵнариа диԥылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала уи дидныҳәалеит, изеиӷьеишьеит агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа.
Аҳәынҭқарра Ахада иныҟәараан ицын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиеи.