АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара иҷыдоу аҵараиурҭақәа ирылгаз даҽа 11-ҩык ацлеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа Рмнистрра Краснодартәи Ауниверситет аҿы алеитенантцәа роушьҭра мҩаԥысит. Сынтәа ари ауниверситет иоушьҭымҭацәахеит 493-ҩык, урҭ рахьынтә  11-ҩык Ареспублика Аԥсны аҟынтәи акурсантцәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аныҳәатә церемониа даҭааит Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аинрал-маиор Роберт Киут. Уи дицын уи ихаҭыԥуаҩ - амилициа  аполковник Рашь Ҵәыџьба.

Амилициа алеитенант ҿарацәа Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Хара имгакәа аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡара иалагоит.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәало, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут урҭ раԥхьаҟа ҭакԥхықәрала инарыгӡараны иҟоу Аԥсадгьыл амаҵзура иадҳәалоу аинтерес зҵоу иуадаҩу амҩа рзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Уажәы шәара аспециалист ҿарацәа шәоуп. Иаарласны шәара Аҳәынҭавтоинспекциа, аусеилыргаатә усбарҭақәа, ацҭаусзуҩәаны аусура шәалагоит.  Џьоукы акиберцәгьоурақәа раартра аганахьала аус жәулоит, џьоукы ашьаусԥшааратә усура аҿы. Шәара зегьы шәҟынтәи ҳара ҳазыԥшуп зхаҭабзиара ҳараку аусура», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Киут.

Аминистр азинхьчаратә система аспециалистцәа ҿарацәа реиҵааӡара ахықәкы анагӡара азы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҵараиурҭақәа аус рыцура иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 166 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.