АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2024

Иахьа Очамчыра ақалақь амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь иахьа 2524 шықәса ахыҵуеит.

Хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәаҭоуп иахьа Очамчыра ақалақь аҿы. Аиҿкааҩцәа иалырхит аплошьадкақәа хԥа.

Актәи  - ари аԥшаҳәа Хада ауп. Араҟа имҩаԥгахоит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵеи Очамчыра араион аҿы инхо анапҟазацәа русумҭақәа рцәыргақәҵеи, анаҩс имҩаԥысуеит анардқәа рзы иаарту атурнир. Уи рхы аладырхәыр ҟалоит изҭаху зегьы.

Аҩбатәи алокациа – ари апарк Хада ауп. Араҟа  асааҭ 16:00 инаркны  18:00 рҟынӡа ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа  азԥхьагәаҭоуп. Апрограмма аҿы иҟоуп: бзиа ирбо алакәқәа, амультфильмқәа рфырхацәа рԥылара, аквестқәа, арлахҿыхратә қьаадтә шоу, афокусқәа, ашәахтә шоу, уҳәа убас ирацәаны.

Ахԥатәи аплошьадка – ари ақалақь аплошьад Хада ауп, араҟа асааҭ 19:30 рзы аԥсуа естрада артистцәа злаху аконцерт мҩаԥгахоит, иара убас аныҳәа иаҭааз рзы инагӡахоит аԥсуа жәлар рыкәашарақәеи рашәақәеи.  

Агәырӷьаратә мшы хыркәшахоит асааҭ 22:00 рзы иҟало аныҳәатә феерверк ала. 


Read 178 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.