АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Open 2024».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Open 2024» актәи амш азы еицлабуан  7 – 9 шықәса зхыҵуаз ахәыҷқәа. Зынӡа иааизакны  урҭ рхыԥхьаӡара  72-ҩык рҟынӡа инаӡон.

7 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира ргеит: Мосикиан Георги (Шәача), Агрба Еснаҭ (Аҟәа), Антонов Никита (Ростов-на-Дону);

Аӡӷабцәа рыбжьара: Гәыргәылиа Алеқсандра (Аҟәа), Хонӡиа Саломеа (Аҟәа), Шамба Софиа (Аҟәа).

9 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа аҷкәынцәа рыбжьара аиааира ргеит: Хьынҭәба Глеб (Гәдоуҭа), Паравиан Атом (Аҟәа), Гелениӡе Сандро (Москва);

Аӡӷабцәа рыбжьара: Агрба Амира (Гәдоуҭа), Гәылариа Емили (Гәдоуҭа), Ԥалаванӡиа Анна (Аҟәа).

Аԥхьахәгаҩцәа зегьы ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит. Ԥхынгәымза 12-14 рзы Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адгыларала Аҟәа аҳҭнықалақь аҿы  7, 9, 13 шықәса зхыҵуеи аиҳабацәа рықәратә категориақәа ирыҵанакуа аспортсменцәеи рыбжьара имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Open 2024».

Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны арегионқәа зегьи Урыстәылеи рҟынтәи ашахматистцәа.  


Read 191 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.