АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Ахшарадара аан ацхыраагӡатә хшарауратә технологиа (ЭКО) апроцедура анагӡара азы арепатриациа Афонд аԥаратә хархәагақәа рхархәара азы азԥхьагәаҭарақәа ыҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аџьынџьуаа рырхынҳәра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, арепатриациа Афонд анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ  Асҭамыр Џьынџьал алархәны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аиԥылара аҿы ахшаара змам аҭаацәа рыцхырааразы ацхыраагӡатә хшарауратә  технологиа (ЭКО) апроцедурақәа рынагӡареи иарбоу ахықәкқәа рзы арепатриациа Афонд аԥаратә хархәагақәа рхархәареи  иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра уажәадагьы ас еиԥш иҟоу аҭаацәа амедицинатә цхыраара рынаҭон, уажәы аԥыза-министр иаԥшьгарала ахықәкытә программа аԥҵара азы азҵаара ықәгылоуп.

Алеқсандр Анқәаб ари даара аҵак ду змоу темоуп, уи анагӡара азы арепатриациа  Афонд аԥаратә хархәагақәа рхархәара алыршатәуп ҳәа иазгәеиҭеит. Вадим Ҳаразиеи Асҭамыр Џьынџьали ари аԥшьгара иадгылеит.

2021 шықәсазы ахшаара змам аҭаацәа рыцхырааразы ахшарадара аан ацхыраагӡатә хшарауратә  технологиа (ЭКО) апроцедурақәа рынагӡара азы аҳәынҭқарра иазоунажьит 2 218 300 мааҭ (7 ҭаацәак), 2022-шықәсазы  – 3 418 760 мааҭ (9 ҭаацәак),  2023 шықәсазы – 9 360 208 мааҭ (20 ҭаацәа). 

Сынтәа иарбоу амедицинатә процедура амҩаԥгара азы иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 6 млн. мааҭ иеиҳауп (16 ҭаацәа).

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы иахәаԥшуеит ацхыраагӡатә хшарауратә  технологиа (ЭКО) апроцедура амҩаԥгара азы ацхыраара зҭаху ахшара змам даҽа 40 рҟынӡа аҭаацәа рҟынтәи арзаҳалқәа.  


Read 230 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.