АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2024

Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы 2024 шықәса аҩбатәи аԥшьбара азы 210-ҩык аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз ааныркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәеи 210-ҩык аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз ааныркылеит.  

Иаанкылаз ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ  190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара»; Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190.1 «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара»; Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190.2 «Атерриториалтә мшыни Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи амшынтә ҵакыреи рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара» инарықәыршәаны иаанкылаз атәылауаа зегьы административтә ҭаԥхықәра иақәыршәоуп.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 324, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура « Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра» азы ашьаусеилыргарақәа ԥшьба хацыркуп.

Иԥхьырҟәҟәаахеит 15 инареиҳаны еиуеиԥшым азкызаара змоу аидарақәа аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа изакәанымкәа ахгара азы аҽазышәарақәа: ирымхын 100 блок инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ, иара убас 550 таблетка инареиҳаны арҩышьыгатә маҭәашьарқәа.

Изакәаным аусура аиҿкаареи амҩаԥгареи иадҳәалоу ахаҿқәа зегьы рганахьала Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә нырра ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп. 


Read 201 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.