АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2024

Имҩаԥысит ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз Акоординациатә еилатәара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа злахәыз Акоординациатә еилатәара апрокурор Хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала имҩаԥысит ахәаша, ԥхынгәымза 5 рзы.

Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара иалахәыз, актәи аинстанциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рыла 2023 шықәсазы амцабџьар изакәанымкәа аныҟәгареи ахархәареи рганахьала ауаажәларратә шәарҭадара иаҿагылоу ацәгьоурақәа рзы ашьаусеилыргарақәа рыхәаԥшра аԥышәа азеиԥшрка алҵшәақәа ирылацәажәеит.  

Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны апрокуратура Хада аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа алицензиа-зинҭаратә ҟәша аусура атәы еиҭеиҳәеит Аусбарҭа анапхгаҩы  Лоу Инал-иԥа.

Аилатәараҿы дықәгылеит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аракета-артиллериатә арбџьар амаҵзура анапхгаҩы Алеқсандр Бабанов.

Акоординациатә еилатәара аихшьаалақәа рыла, иҟаҵаз азгәаҭарақәеи ажәалагалақәеи  ҳасаб азуны еиқәыршәаз ақәҵара анаҩс азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Ркоординациатә еилатәара  иалахәыз ирзышьҭхоит.  

Акоординациатә еилатәара иалахәын апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ Ҭырқьба Р.Л., апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ – арратә прокурор Ҭарба Р.Б., аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ҷкадуа Б.Р., Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ахьиба Т.И., Аҳәынҭқарратә хьчара  Амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Занҭариа З.Г., Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ашәба З.Р., Аԥсны апрокуратура Хада аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи, ацхырааҩ еиҳабацәеи апрокурор Хада ицхырааҩцәеи, апрокуратура Хада Аппарат Хада аусзуҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа, аҷыдалкаатә прокурорцәа.


Read 227 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.