АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2024

Каман ақыҭан иҭахаз Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа ргәаладыршәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьҭа традициала ишьақәгылахьеит есышықәса ԥхынгәымза 5 рзы Каман ахы иақәиҭызтәуаз аветеранцәа реиԥлара.  31 шықәса раԥхьа ақыҭа ампыҵахалаҩ иҟынтәи аҭарцәра азы ишьаарҵәыраз аидысларақәа ахьцоз аҭыԥ аҿы есышықәса еиԥылоит Ешыра-Афонтәи абаталион аибашьцәа. Ацаҟьа аҟынтәи аӡыхь ахьыҵыҵуа аҭыԥ ааигәара  хыԥхьаӡара рацәала ауаа еизоит, урҭ иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа,  Аҟәа араион Каман ақырҭуа импыҵхын.  Уи азы  еиҿкааз  ажәылара иалахәын Ешыра-Афонтәи абаталион.   Иара убасгьы  ари ажәылараҿ иҟан  Дәрыԥшь, Лыхны, Аҷандара, Очамчыра араиони рҟнытәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.

Еизаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз реиҳараҩык – Каман ақыҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иалахәыз аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рыԥшәмаҳәсақәа, рхәыҷқәа, ранацәа, Аԥсуа ар афицарцәеи араион ауааԥсыреи.

Ԥхынгәымза 5, 1993 шықәса рзы Ешыра-Афонтәи абаталион Каман ақыҭа аӷа иҟынтәи иҭадырцәит. Аԥсуа еибашьцәа аҵх рҽалагӡаны Амзара ақыҭан итәеит, ашарԥазы урҭ анаара иаҿаланы, аӡы ихыз ацҳа иқәсны Каман ақыҭа иалалеит. Аԥсуа еибашьцәа ашьхантәи илбааны еибашьра ицон, урҭ зегьынџьарантәи иубаратәы иҟан, аӷа ахымца иаиргон, аха аԥсуа еибашьцәа аанкылашьа рымамызт. Асааҭ акы инарзынаԥшуа Каман ақыҭа аӷа иҟынтәи иҭарцәын. Уи ашьҭахь аԥсуа ебашьцәа даҽа ԥшьымш ирылагӡаны Шрома ақыҭеи Ахбҩық ашьхеи рахь ажәыларақәа мҩаԥыргон.

Ԥхынгәымзатәи ажәыларатә операциа аҿы имаҷымкәа аԥсуа еибашьцәа ҭахеит. Ԥхынгәымза 5 рзы, аибашьцәа рӷьырак ргәаангарала, Аԥсны ахақәиҭразы ишьаарҵәыраз ари аибашьра аҿы Аиааира ахь уназгоз акырӡа аҵак ду змаз ашьаҿа ҟаҵан.  


Read 224 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.