АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа IX Урыстәылазегьтәи анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу асоциалтә ҵакы злоу аусхкқәа рҿы ахылаԥшреи агәаҭареи рымҩаԥгара, ахылаԥшра-гәаҭаратә усбарҭақәа русура акадртә еиқәыршәара алыршара, уҳәа иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирызку IX Урыстәылазегьтәи анаука-практикатә конференциа лхы алалырхәуеит.

Аконференциа ԥхынгәымза 4 – 5 рзы Н. И.  Лобачевски ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.

Есышықәса аконференциа еиднакылоит хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә хылаԥшреи агәаҭареи рызҵаарақәа знапы алаку зыхьӡ нагоу аҵарадырратәи анаукатәи аиҿкаарақәа рҟынтәи еицырдыруа аҵарауаа, аҳәынҭқарратә мчра, ахылаԥшра, агәаҭара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Сынтәа ари аконференциа амҩаԥгара «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә уаажәларратә маҵзура азы»  Афедералтә закәан адкылара 20 шықәса аҵра иадҳәалахеит.  

Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә маҵзура аусура иамоу аҷыдарақәеи уи аҿиара аперспективақәеи иазкны иҟалҵаз ажәахә аҿы, «аҳәынҭқарратә маҵзура иуадаҩу асоциал-зинтә институтны иҟоуп, уи ишиашоу аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ирыдҳәалоуп» ҳәа иазгәалҭеит.  «Ареспублика Аԥсны  аиҿкаара, аҳәынҭқарратә маҵурауаа русуреи рфинанстә еиқәыршәареи азакәантә шьаҭа ҳәаақәызҵо анорма-зинтә шәҟәынҵа адкылара, акыр ауадаҩрақәа ирхысны аҿиаразы ахатәы мҩа алызхыз аҳәынҭқарра аҿы аҳәынҭқарратә усура аеффективреи апрестижи рышьҭыхра  иазырхоуп», ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.    

 

 


Read 213 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.