pressadmin-2
Гагра араион амедусбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа иазыҟаҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араион ахәышәтәырҭа Хада, Ареспубликатә реабилитациатә Центр, иара убас Пиунда ақалақь ахәышәтәырҭа даҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада Индира Арсалиа адырра ҟалҵеит ахәышәтәырҭа ааигәа атехникатә гәаҭара иахысыз, аштаттә режим ала аус зуа адизель-генератор ала ишеиқәыршәоу, ирласу амедицинатә цхыраара автопарк иахәҭоу амашьынақәа рыла ишеиқәыршәоу, амашьынақәа зегьы ртехникатә ҭагылазаашьа шыбзиоу азы адырра ҟалҵеит. Акурорттә сезон азы иҟаз акадртә уадаҩрақәа Урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала аӡбара алыршахеит, урҭ инеиԥынкыланы Аԥсныҟа иааны амедусбарҭақәа рҿы аус руан. Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы Башкортосҭанынтәи ареаниматологцәа ҩыџьа аус руеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәеи ақырҭуа аԥырҩы дзықәтәам аппарат дыртәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса рзы аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа аԥыԥшра иадҳәаланы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҳәаахьчаҩцәеи еицынарыгӡаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Гал араион Бгоура ақыҭа иахьаҵанакуа ирбеит иарбоу аҵакыреи арратә обиектқәеи рҭыхра мҩаԥызгоз аԥырҩы дзықәтәам аппарат Mavic 3.
Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа рыла амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы 335 пкаанҵа еиқәыршәоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 16 рзы амилициа аусзуҩцәа акинологцәа адыԥхьаланы ирӷәӷәоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит. Урҭ мҩаԥысуан атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуеи хаҭала иарҭоз ахылаԥшрала.
Аминистр ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭон амашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәыхәыркра аԥҟарақәа реилагара аԥхьырҟәҟәаара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Асаркьақәа рырлашьцара амҩахь ицәырҵуа ауаа рбара аруадаҩуеит, иара убри ала амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рзы ашәарҭара аздырҳауеит.
Амҩатә ԥҟарақәа еилазгаз 25-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ахараԥса дыршәахоит, рмашьынақәа аҭыԥаҿы рыԥшшәахәыркра аԥыхуп.
Аԥснытәи аделегациа Уфа ақалақь аҿы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афорум «Россия – спортивная держава» ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Уфа ақалақь аҿы имҩаԥысуа XII Жәларбжьаратәи афорум «Россия – спортивная держава» ахы аланархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад акомандаҟаҵаҩ Дадын Чачхалиа, Аҳәынҭеилакы аиҿкааратә зҵаарақәеи аинформациеи рзы аспециалист хада Алиса Инаԥшьба.
Жьҭаарамза 16 рзы Аԥснытәи аделегациа аҿар Рыҩны аҿы Ареспублика Башкорҭосҭан аҿар русқәеи аҿартә политикеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вито Сабиров иԥылеит.
Аганқәа агәҭакқәа рзы апкаанҵа рнапы аҵарҩит. Уи иарбахеит актуалра злоу азҵаарақәеи аҳәынҭқарратә аҿартә политикеи аволонтиортә усуреи аҵара-методикатә проектқәеи аҵарадырратә программақәеи аус рыдулара, аконференциақәа, аҵара-методикатә семинарқәа рымҩаԥгара, уҳәа ирызку аинформациатә материалқәа рыла аимадара, аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа аганқәа имҩаԥырго апроектқәа рылахәхара.
Анаҩс аԥснытәи аделегациа Уфа ақалақь аҿар русқәа рзы Акомитет ахантәаҩы Роман Иангурови Уфа ақалақьтә округ Ахадара ахада ихаҭыԥуаҩ Гуллиариа Иалчикаевеи ирыцны Уфа ақалақь аҭоурыхтә Центр аҿы иҟоу аҿартә ҵакыра «Арт-квадрат» иаҭааит. Ари ҳаамҭа иақәшәо, аплошьадка рацәа змоу ақалақьтә ҵакыра ауп.
Урыстәылатәи аҳазылхыҩцәа агаз абалон иҭаҵәахыз аҭаҭын аалыҵ мҩанызгоз амашьына ааныркылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аҿы иааныркылеит контрабандала зыиагара рҽазыршәаз 530 ҭоԥ аигареҭ. Ганрацәаатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратәии аҳәаахьчаратәи агәаҭараан иаанкылан Аԥснынтәи иааз автомашьына «GAZ 31105», ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи аҳазалхра апресс-маҵзура.
Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала амашьына агәаҭараан аидараҭыԥ аҿы имаӡоу аҭыԥ зҭаҟаҵаз агаз абалон рыԥшааит. Уи агәаҭараан рылаԥш иҵашәеит абалон иҭаԥҟаны иҭаҟаҵаз акылҳара, уи иҭаҵәахын изакәанымкәа зыиагара рҽазыршәоз аҭаҭын аалыҵ.
Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион амедицинатә усбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа ишазыҟаҵоу гәеиҭоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион амедицинатә усбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа ишазыҟаҵоу гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Едуард Быҭәба дырҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хадеи Афон Ҿыц ахәышәтәырҭеи.
Гәдоуҭа, Едуард Быҭәба араион ахада Валери Аҩӡбеи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамбеи иарбоу амедусбарҭа аусура азы дрыҿцәажәеит.
Ирылацәажәеит еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара, автопарк аӡынтәи аамҭахәҭа азыҟаҵара, ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи рыла аиқәыршәара, акадрқәа рыла аиқәыршәазаара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Афымцамч арцәара иадҳәаланы ишьақәгылар зылшо иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ахәышәтәырҭа адизельтә генератор ала еиқәыршәоуп, аспонсорцәа рыцхыраарала ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа зегьы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иахысуеит, ахәышәтәырҭа хәшәыла еиқәыршәоуп, ахәышәтәырҭаҿы акадрқәа разымхара ыҟаӡам.
Изҵаара хаданы уажәы иқәгылоу акомпиутертә тамограф аиҭашьақәыргылара ауп.
«Гәдоуҭа араион дууп, арахь иаауа апациентцәа реиҳарак атомографиатә ҭҵаара рзымҩаԥгатәхоит. Аппарат излауа ала ирласны еиҭашьақәыргылатәуп, аха уи афинансыркра аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 100 тоннак инареиҳаны амандарина. мандаринов.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 100 тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаганы идәықәҵахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра.
Амандарина раԥхьатәи апартиақәа Краснодартәи атәылаҿацә ахь аиагара иалагеит жьҭаарамза инаркны, уажәы ииагоуп ҳәа ашәҟәы иҭаргалахьеит 120 тонна рҟынӡа иарбоу ацитрусшәырқәа.
Амандаринақәа рыда аҳәаа иахыганы Урыстәылаҟа идәықәырҵоит афеихәуа, ахәырма, алион, араса – иааизакны 280 тонна рҟынӡа Аԥсны ақыҭанхамҩа аалыҵ.
Раԥхьатәи аиԥхныҩларатә марафон «Аҟәа-Амарафон» мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, аспонсор хада – аспорттә тауарқәа рзы урыстәылатәи агипермаркет «Деспорт», иара убас хаҭала амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил» адиректор хада Борис Барцыц иҟарҵаз адгыларала жьҭаарамза 25-27 рзы имҩаԥысуеит «Аҟәа-Амарафон».
Аиԥхныҩлара рхы аладырхәраны иҟоуп 1000-ҩык инарзынаԥшуа зықәра наӡоу аспортсменцәеи аҩра абзиабаҩцәеи, иара убас 500-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.
«Аҟәа-Амарафон» ажәытә қалақь амҩақәа рҿы, зинтересқәа еиқәшәо ауаа рыбжьара умчқәа рԥышәареи илыԥшааху аспорттә хҭыс ду агәылахалареи рзы алшара аԥнаҵоит. Аҩҩцәа дара-дара еибадырырц, акы иаламҩашьо Аҟәа ақалақь аԥшӡарақәа рбара азы алшара роуеит.
«Доусы иара инаало, имч-илша зықәхо адистанциа алихыр ҟалоит – ҿыц ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа зхы алазырхәагьы аԥышәа змоу аҩҩцәагьы», - ҳәа иазгәаҭоуп амарафон апресс-релиз аҿы.
«Аҟәа-Амарафон» уалахәхар ҟалоит активла азгәыбылҩы иаҳасабалагьы, иара убри ала аспортсменцәа ргәалаҟазаара ашьҭыхра.
Роберт Киут аҳәаа иаԥну араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа акомитетқәа реилатәара ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аусуратә визитла Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика ахь днеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Иара Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы аусеицура акоординациеи аиқәыршаҳаҭреи рзы Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа акомитетқәа реилатәара ихы алаирхәуеит.
Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа аделегациа Башкорҭосҭан Ареспублика Амш азгәаҭара иазку аныҳәа иалахәуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа аделегациа Башкорҭосҭан Ареспублика Амш азгәаҭара иазку аныҳәа иалахәуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипрес-маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аԥыза-минитр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Алиса Гәылариа.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркын абашкир жәлари аԥсуа жәлари реиҩызара символра азызуа аԥшаҳәаҟны Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны игылоу аколоннада аиԥш зеиԥшу Аколоннада шкәакәа аартрала.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны дықәгыло, Аслан Бжаниа иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу Ради Фариҭ-иԥа, акыр иаԥсоу аҩызцәа! Азин сышәҭозар, Аԥсны жәлар рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра.
Сҩызцәагьы саргьы ҳзы ҷыдала гәахәароуп Ареспублика Амш иазку аныҳәа Аԥсны, ҳара ҳаԥшаҳәа зырԥшӡо аколоннада еиԥшу арт-обиект «Колоннада» аартрала иахьалагаз. Ари ҳажәларқәа ирыбжьоу аизыҟазаашьа бзиақәа ишрызҳәоу ҳбоит. Асимвол ду аҵоуп аиҩызара иадырганы иҟоу аколоннада аурыс жәлари абашкир жәлари реиҩызара Амонумент иахьавагылоу».








