АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 13:19

Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион амедицинатә усбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа ишазыҟаҵоу гәеиҭоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭа араион амедицинатә усбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа ишазыҟаҵоу гәеиҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  Едуард Быҭәба дырҭааит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хадеи Афон Ҿыц ахәышәтәырҭеи.

Гәдоуҭа, Едуард Быҭәба араион ахада Валери Аҩӡбеи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамбеи иарбоу амедусбарҭа  аусура азы дрыҿцәажәеит.

Ирылацәажәеит еиԥҟьарада афымцамч ала аиқәыршәара, автопарк аӡынтәи аамҭахәҭа азыҟаҵара, ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи рыла аиқәыршәара, акадрқәа рыла аиқәыршәазаара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Афымцамч арцәара иадҳәаланы ишьақәгылар зылшо иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ахәышәтәырҭа адизельтә генератор ала еиқәыршәоуп, аспонсорцәа рыцхыраарала ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа зегьы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иахысуеит, ахәышәтәырҭа хәшәыла еиқәыршәоуп, ахәышәтәырҭаҿы акадрқәа разымхара ыҟаӡам.

Изҵаара хаданы уажәы иқәгылоу акомпиутертә тамограф аиҭашьақәыргылара ауп.

«Гәдоуҭа араион дууп, арахь иаауа апациентцәа реиҳарак атомографиатә ҭҵаара рзымҩаԥгатәхоит. Аппарат излауа ала ирласны еиҭашьақәыргылатәуп, аха уи афинансыркра аҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Афон Ҿыц ахәышәтәырҭа аҳақым хада Луиза Арӡынба аминистр амедусбарҭа адизель-генератор амоур ада ԥсыхәа шыҟам азы адырра илҭеит. Афымцамч аныҟам аамҭазы аӡынтәи аамҭахәҭа азы адизель-генератор акырӡа ихымԥадатәиуп. Ирласу амедицинатә цхыраара амашынақәа ртехникатә ҭагылазаашьа бзиоуп, урҭ ишахәҭоу ала ауаааԥсыра рымаҵ аура алдыршоит. Ахәышәтәырҭа аҿы акадрқәа разымхара ыҟаӡам.

Аминистр  ахәышәтәырҭа анапхгараҭара ақәиргәыӷит адизель-генератор аахәара азҵаара аӡбара шалыршахо азы.


Read 49 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.