АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 11:43

Урыстәылатәи аҳазылхыҩцәа агаз абалон иҭаҵәахыз аҭаҭын аалыҵ мҩанызгоз амашьына ааныркылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аҿы иааныркылеит контрабандала зыиагара рҽазыршәаз  530 ҭоԥ аигареҭ. Ганрацәаатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратәии аҳәаахьчаратәи агәаҭараан иаанкылан Аԥснынтәи иааз автомашьына «GAZ 31105», ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи аҳазалхра апресс-маҵзура.

Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала амашьына агәаҭараан аидараҭыԥ аҿы имаӡоу аҭыԥ зҭаҟаҵаз агаз абалон рыԥшааит. Уи агәаҭараан рылаԥш иҵашәеит абалон иҭаԥҟаны иҭаҟаҵаз акылҳара, уи иҭаҵәахын изакәанымкәа зыиагара рҽазыршәоз аҭаҭын аалыҵ.

Зынӡа агаз абалон аҩныҵҟа иҭаҵәахын Дубаи иҭыжьыз 530 ҭоԥ (10 600 цыра) асигареҭ «BUSINESS ROYALS». Иарбоу аҭаҭын аалыҵ акцизатә дыргақәеи егьырҭ ихымԥадатәиу атауартә рбагақәеи рымаӡамызт.

Амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа апассаџьыртә ҳазалхратә декларациа хаимырҭәааӡеит иагьалимҵаӡеит. Иара асигаретқәа Урыстәылаҟа рыиагаразы иҟоу аԥкрақәа ртәы шидыруазгьы атауар аарԥшрада аиагара иӡбеит.

Аҭаҭын аалыҵи уи злаиаргоз амашьынеи рымхуп. Урыстәыла Административтә Закәанеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.1, ахәҭа  2, иара убас ахәҭаҷ 16.3 инарықәыршәаны аусеилыргарақәа хацыркуп.

 


Read 41 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.