pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2024 шықәсазы  ацитрустә шәырқәа реингалареи рыҭиреи рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.  

Аԥсны аиҳабыра ацитрусқәа раахәаразы ахәқәа шьақәдыргылеит.

Кьылак ашәыр азы иреиҵаӡоу ахәԥса абасеиԥш ишьақәыргылоуп:

амандаринеи апельсини — 45 мааҭ.

алимон — 42 мааҭ.

истандартым ашәыр — 10 мааҭк.

Сынтәа иазыԥшуп 37 000 тонна рҟынӡа амандарина аҽаҩра ҳәа иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ, Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылтә еибашьраҟны  Аиааиреи Ахьыԥшымреи  рныҳәа 31 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аизара мҩаԥысит атәылахьчара Аминистрраҟны.

Аслан Бжьаниа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы аррамаҵзураа дрыдныҳәалеит.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:

 

«Аҩызцәа аофицарцәа! Сара, арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ иаҳасаб ала,  ҳаҭырқәҵарыла исыдыскылоит аныҳәа ду  - Аиааира амш аламҭалазы Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәыдныҳәалара.

Иҵит 31 шықәса амилаҭ рԥыза Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсынтәыла ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Абра итәоу аӡәырҩы Аԥсны Аџьынџьтәылатә  еибашьра шәалахәын, фырхаҵарыла шәыԥсадгьыл шәыхьчеит. Иахьагьы шәуалԥшьа нашәыгӡоит, шәԥышәа ду еизҳауа абиԥара ирымыжәдоит Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа гәыла-ԥсыла шәџьынџь ахьчара ишазку ҩашьара ақәым.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Қарҭ ахь Аԥсны исуверентәу, ихьыԥшыму ҳәынҭқарраны иазхаҵаны амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵарҩызарц азы даҽазныкгьы ааԥхьара ҟанаҵеит.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахҳәаа:

«Аԥсны АдәАР аҟны азхьаԥшра аҳҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАА Ассамблеиа хада 79-тәиасессиаҿы 2024 шықәса цәыббра 25 азы иқәгылара.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵа ала ареспублика аҿы ақалақь аиланхарҭатә раионқәа ринфраструктура аиӷьтәра иазкны аҩнеихагылақәа рааигәа-сигәа иҟоу аҵакырақәа реиқәыршәазаара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа  мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Убас, Аршба имҩаҿы ауадарацәа змоу аҩнеихагылақәа №65, №71 рыҩнгәарақәа реиқәыршәазаара иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит.  Аҳәынҭқарратә еилазаара «Аԥсныргылара» инанагӡо арҭ аусурақәа рфинансыркра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Санкт-Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Кирилл Полиаков напхгара ззиуаз аделегациа  идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәын иара убас  атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

Абизнес ахаҭарнакцәа зеилазаараҿы иҟоу аделегациа аара ахықәкы хаданы иҟоуп — Аԥсны аинвестициатә потенциали алшарақәеи реилкаара, аусеицура аперспективақәа рганахьала атәыла анапхгара рыҿцәажәара. Аиԥылара аҿы Аԥсни Санкт-Петербурги аԥхьаҟатәи русеицура иалацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит ари аиԥылара иазыԥшуижьҭеи акыр шыҵуа. 

«Сынтәатәи аԥхынразы ҩынтә Санкт-Петербург анеира сылшеит. Аԥсуа делегациа шшәыдышәкылаз, иаашәырԥшыз асасдкылара, ҳәарада, даараӡа ҳаҭыр ақәаҳҵеит», -  иҳәеит Аслан Бжьаниа, Аԥсни Санкт-Петербурги реизыҟазаашьа аҿиара аҩ-ганкгьы рзы хәарҭара шаиуа, хыԥхьаӡара рацәала аус дуқәа рыҟаҵара шалнаршо азгәаҭаны. 

Агубернатор ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит иаадырԥшыз асасдкыларазы, иазгәеиҭеит Аԥсны уажәада дшымаацыз. «Сара раԥхьаӡаакәны Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа сахысит, уамашәа ибаны исыдыскылеит ара инхо ауаа, ареспублика иамоу асасдкылара. Акырӡа аҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит хаҭалатәи аимадарақәа рнаҩсангьы, ҳнаплакқәа русеицура арҿиара, Аԥсынгьы Санкт-Петербурггьы аинвестициақәа реизырҳара ацхраара», – иҳәеит Полиаков.

Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов ихьӡала Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ааигәа агубернатор имаҵурахьы еиҭалхразы Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларазы. «Уи иара даара деигәырӷьеит. Шәара раԥхьа аҭел изасқәаз шәыруаӡәкын. Ари иҭабуп ҳәа ахиҳәаауеит, аҿиаразы аусеицура дшазхиоу ацҵаны. Ҳара анаплакқәа жәпакы рыҟнытә аколлегацәа ҳацуп  аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы, Аԥсны абизнес-уаажәларра ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳаибадырырц азы», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аҿы азакәан апроектқәа ԥшьба ирылацәажәеит.

«Ареспублика Аԥсны Аџьатә закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект ианалацәажәа ашьҭахь, Аилак алахәылацәа уи иааиуа Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы адкыларазы адгалара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Автор игәаанагарала, зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакрақәа аусурақәеи аусзуҩцәа рзанааҭқәеи рзы иаку атариф-квалификациатә дырранҵа иану азанааҭқәа рыла аусзуҩцәа рзанааҭҟазареи  рзанааҭдырра аҩаӡареи рышьҭыхра ахымԥадатәра иадҳәалоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи атәылахьчара Аминистрра артиллериатә гәыԥи хымш еицымҩаԥыргоз атактика-ҷыдалкаатә арратә ҽазыҟаҵарақәа  атәылахьчара Ахылаԥшырҭа иатәу ахысратә дәқәа руак аҿы имҩаԥган.

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа 2020-2024 шш. инарыгӡаз аусуразы аҳасабырба идикылеит.

Убас, аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалахеит 3 229 цәгьоура, уи 2015 – 2019 шш. (4507) иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 1278 цәгьоура рыла еиҵоуп. Аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны ацәгьоурақәа рхыԥьаӡара иагхеит.

Иазгәаҭоуп, ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа рхыԥхьаӡара агхара. 2020 шықәса инаркны  2024 шықәса 1-тәи азыбжа аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 1539 аӷьычра иадҳәалоу афактқәа,  уи 2015 - 2019 шш.  (1539/572).  ирҭагӡоу аамҭахәҭазы иҟалаз раасҭа 967 рыла еиҵоуп. Арҳәрақәа 130 рыла еиҵахеит (173/43 иашьашәаланы), ақәыларақәа – 115 рыла еиҵахеит (150/35), ауаа рԥаара – 13 хҭыс рыла еиҵахеит (20/7).

2020 шықәса инаркны  2024 шықәса актәи азыбжа аҟынӡа азинхьчаратә усбарҭақәа рыла акоррупциатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа рцәыргареи, ргәырҽынҵареи, раарԥшреи рзы имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усура иалҵшәаны иаарԥшын иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟалаз ацәгьоурақәагьы уахь иналаҵаны 2841 цәгьоура, уи процентла иааугозар 88% рҟынӡа инаӡоит (урҭ рахьынтә 568 цәгьоура иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟалаз роуп). Ауаҩшьрақәа, ауаа рԥаара, ақәыларақәа, арҳәрақәа  реиԥш иҟоу ацәгьоурақәа раарԥшра иҳараку аҩаӡараҿы иаанхоит, уи 70% рҟынӡа инаӡоит. Уаанӡа еиԥш уажәгьы, азинеиҿкаара аусбарҭақәа рҿы еиҳа изызҿлымҳау зҵаарақәаны иҟоуп изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи амҩақәа рҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рыррацәареи.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2024 шықәса. Аԥснпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиеи Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа р-Координациатә хеилак инарҭбаау аилатәара рхы аладырхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит. Аиалатәара ахылаԥшырҭақәа изаамҭынытәиу русура, ашәарҭадареи азинеиҿкаареи русхкқәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәеи актуалра злоу азҵаарақәеи рылацәажәара иазкын.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 12, 2024 шықәса рзы Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Ростов-на-Дону ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу VIII Жәларбжьаратәи атеатралтә фестиваль «Русская комедия» ахы аланархәуеит. М. Горки ихьӡ зху Ростовтәи академиатә адрама атеатр асцена аҿы аконкурстә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбахоит Ф.А.Искандер иеихьӡылоу иҩымҭа ала Олесиа Невмержицкаиа иқәлыргылаз аспектакль «Ахьча Махаз», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.