АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2024

Инал Габлиа Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа Жәларбжьаратәи рфорум ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа рашәарамза 10 – 12 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа аҩбатәи Жәларбжьаратәи рфорум «Ԥхьатәи аԥеиԥш ашьақәыргыла» («Формируя будущее») ихы алаирхәуеит.

Афорум аусутә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа жәларбжьаратәи аҵара асистема, аҵак дуқәа рсистема, ааӡара, аҵара ахаҭабзиареи уи аиура алыршареи иадҳәалоу  актуалра злоу апроблемақәа ирылацәажәараны иҟоуп.  Иара убас урҭ аекономика аҿиара аус аҿы аҵарадырра инанагӡо ароль, аҿари згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәеи аус рыдулара иаҵоу аҷыдарақәа, уҳәа атемақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәоит.  

Афорум ахь ааԥхьара роуит 100-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  20-ҩык рҟынӡа абжьаратәии иреиҳаӡоуи аҳәаанырцәтәи аҵара аминистрцәа.  

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Инал Габлиа Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи жәпакы рнапхгаҩцәа дырԥылараны дыҟоуп.

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аԥсны аҵара аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиеи ауаажәлара рымадара азы Аминистрра аҟәша аиҳабы  Аслан Кәытелиеи.  

 


Read 238 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 15:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.