АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2024

Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәа ргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Беслан Аԥҳазаа иҽыҩ Осман Абан 1600 метра иҩуаз хы-шықәса зхыҵуа арабтә жәла иаҵанакуа аҽыҩқәеи аҽанқәеи рыбжьара Аԥхынтәи аԥхьахә ду иаԥсахеит.

Ахра Ашәба иҽы - Марискаль Аԥхынтәи аԥхьахә аиуразы 1200 метра иҩуаз ҩы-шықәса зхыҵуа арабтә жәла иаҵанакуа ақьақәақәеи аҽанқәеи рыбжьара  «араӡны» агеит.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҽы - Колхида Терск аԥхьахә «Тарашьи» аиуразы 1800 метра иҩуаз хы-шықәса зхыҵуа арабтә жәла иаҵанакуа аҽанқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аҽырыҩрақәа мҩаԥысит рашәарамза 8 рзы.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы Беслан Аԥҳазаа игаз аиааира азы идныҳәалоит, иара убас аԥснытәи аҽааӡаҩ Адгәыр Ԥачлиеи аветеринар Елену Гасси иҭабуп ҳәа рарҳәоит.

 


Read 241 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 14:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.