АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Рашәара.2024

Аҟәатәи аспортсменцәа абокс азы Аԥсны Аԥхьахәгара аҿы хә-хьтәы медалки ԥшь-раӡны медалки раиура иаԥсахеит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абоксиорцәа абокс азы Аԥхьахәгара аҿы хә-хьтәы медалки ԥшь-раӡны медалки раиура иаԥсахеит. Аицлабрақәа рхы аладырхәит ареспублика ақалақьқәа зегьы рҟынтәи 150-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит:

– Сумбат Саакиан – 36 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа,  2012 – 2013 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;

– Леон Шьакаиа – 35 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа,  2010 – 2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;  

– Гьаргь Бериӡе – 46 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа,  2010  – 2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара; 

– Инал Хәырхәмал – 54 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа,  2010 – 2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;

– Леон Хьиба – 50 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2012 ш. ииз аспортсменцәа рыбжьара;

Араӡнытә аԥхьахәқәа ранашьахеит:

– Алан Гучуа – 42 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2008-2009 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;

– Аслан Гындиа – 66 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2010-2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;  

– Даниил Микаелиан – 44 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2010-2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара; 

– Артиом Ҷкадуа – 57 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2010-2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара.

2012-2013 шш. рзы ииз рыбжьара иреиӷьу абоксиор ҳәа далкаахеит  Сумбат Саакиан.

Аҟәа ақалақь акоманда азыҟарҵоит Давид Аҩӡба, Беслан Адлеибеи Беслан Аршбеи.


Read 227 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 15:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.