АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

Лаша Ашәба Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы: адепутаттә корпус зегьи аекспертцәеи алархәны акыр зымҽхак ҭбаау, аҽадцалара зҭаху аусура ҳаԥхьа ишьҭоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәаша, рашәарамза 7 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытабеи раԥшьгарала «Азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчра азы» Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аус адулара инамаданы аилацәажәара мҩаԥысит.  Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аконституциатә еиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара шымҩаԥысыз атәы иҳәеит.

«Ари раԥхьаӡа акәны иҟалаз, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ҳтәыла  ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа зегьы рҟынтәи иҳаҳауаз азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчра реизыҟазаашьақәеи урҭ рыбжьара азинмчы аихшареи ирыдҳәалоу атема алацәажәара акәхеит.  

Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект Аԥсны Ахада Аԥсны 2020 шықәсазы Аконституциатә реформазы акомиссиа иҟанаҵаз ажәалагалақәа ҳасаб рзуны еиқәыршәаны Апарламент ахь ахәаԥшразы инаишьҭит. Аиҭакрақәа рыпроект азакәанԥҵара инақәыршәаны иацҵоуп Ареспублика Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа алкаагьы.

Апарламент иарбоу апроект ҭырҵааит, иахьа ҳара Аилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны  аспециалистцәеи Аконституциатә реформа азы Акомиссиа алахәылацәеи адыԥхьаланы инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥаагеит.  Аилацәажәара аан, ҳәарада азҵаарақәа маҷымкәа ицәырҵит, урҭ зегьы хымԥада рҭак ҟаҵатәуп, насгьы иазгәаҭатәуп апроект аҿы имаҷымкәа аԥсахрақәа алагалахар шыҟалоугьы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лаша Ашәба

Лаша Ашәба иажәақәа рыла, адепутатцәа иарбоу аусшәҟәы аганахьала имаҷымкәа азҵаарақәа рызцәыҵит. Апарламент аиҳабы зҵаарақәак ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит.

«Иаагозар, Апарламент ақәыршаҳаҭрала аминистрцәа рахаргылара иадҳәалоу анормақәа адепутатцәеи аилацәажәара иалахәыз аекспертцәеи ииашоуп, азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии амчрақәа рыбжьара аусеицура аимадара аҩаӡара ашьҭыхра, иара убри ала, жәаҳәарада, аминистрцәа ҭакԥхықәрала рмаҵуратә уалԥшьақәа рызнеиреи русура аиӷьтәреи алзыршо акакәны иҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Лаша Ашәба.

Убри аан адепутатцәа зыдгалара мҩаԥысуа азакәан апроект аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аужьҭреи Апарламент ахь алхра ҿыцқәа рылаҳәареи рзы азин иҭара азԥхьагәазҭо анормеи уи ахықәкышьашәалареи  рганахьала азҵаарақәа рызцәырҵит.  Адепутатцәа иара убас иарбоу анормақәа цәгьашақә ахархәара алшаргьы ҟалоит ҳәа иазгәарҭоит. Ԥыҭҩык адепутатцәа Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара – Аԥсны Ахада ила ишьақәгылахо анагӡаратә мчра аколлегиалтә усбарҭа аԥыхреи, Аминистрцәа Реилазаара аԥыхра иацло аԥыза-министри аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәеи рмаҵураҭыԥқәа раԥыхрагьы инамаданы агәыҩбара аадырԥшит.

Аилацәажәара иалахәыз Аконститкциатә реформақәа рзы Акомиссиа алахәылацәа аминистрцәа Реилазаара аԥыхра аидеиа адгылара аргумент ҳасабла иааргеит аминистрцәа Реилазаара  Аппарат Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи рзинмчқәа рынагӡара аҿы аҩынаус аҟәалара.

Имаҷымкәа азҵаарақәа цәырҵит Аҳәынҭқарра Ахада икомпетенциеи изинмчи рганахьала.

«Иахьатәи аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо хымԥада иазгәаҭатәуп, ари мҽхакы ҭбаала анапхгаратә мчрақәа рыбжьара азинмчқәа реихшара иадҳәаланы раԥхьаӡа имҩаԥысыз инарҭбаау еилацәажәароуп.  Атема мариаӡам, ҷыдала ахшыҩзышьҭеи аусдулареи аҭахуп. Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы адепутаттә корпус зегьи аекспертцәеи алархәны акыр зымҽхак ҭбаау, аҽадцалара зҭаху аусура ҳаԥхьа ишьҭоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лаша Ашәба.    

 

 

 

 

 


Read 143 times - Амҽыша, 09 Рашәара 2024 13:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.