АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2024

Аԥснытәи акоманда VIII аџьынџуаа қәыԥшцәа Адунеизегьтәи рыхәмаррақәа рҿы 7-тәи аҭыԥ ааннакылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит VIII аџьынџуаа қәыԥшцәа Адунеизегьтәи рыхәмаррақәа. Ахәмаррақәа аԥшьбатәи амш аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи акоманда иофициалым акомандатә зшьа аҿы 7-тәи аҭыԥ ааннакылеит. 

Ахәмаррақәа зегьы реиҳа иқәыԥшу алахәылацәа иреиуоу Нинель Чалукиан астолтә ԥкьаҭмпыл азы  аицлабрақәа рҿы 7-тәи аҭыԥ аанылкылеит, Нестор Кәарчиа зегьы иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз жәаҩык аспортсменцәа рхыԥхьаӡара далалеит.

Амҵәышәмпыл азы аԥснытәи акоманда аицлабрақәа аҩбатәи амш азы Ҭаџьыкьысҭани Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа алархәны ҩ-хәмаррак мҩаԥыргеит, аҩхәмаррак рҿы аииаира ргеит. Амҵәышәмпыласыҩцәа убасҵәҟьа иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз жәаҩык аспортсменцәа рхыԥхьаӡара иалалеит.

Ашахматистцәа рыбжьара Гьаргь Георгииан аиуниорцәа рыбжьара 7-тәи аҭыԥ ааиникылеит, аҭыԥҳацәа рыбжьара  9-тәи аҭыԥ аанылкылеит  Лана Гәынба.

Аԥснытәи акоманда қәҿиарала рықәгылара рыдылныҳәалеит Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, асовет фигуристка, хынттәи Олимпиатә чемпионка, жәеизантәи Европа ачемпионка Ирина Роднина. 

Аспортсменцәа рзы еиҿкаахеит Москва ақалақь аҿы алаԥшхгаратә екскурсиа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар Третиаковтәи агаллереиа иаҭааит, адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аурыс сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рбеит. Ахәыҷқәа Кремльтәи Ахан аҿаԥхьа иҟоу Аплошьад Ҟаԥшь рбеит, Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҭоурых рзеиҭарҳәеит.

Аспортсменцәа Ахәмаррақәа рахь рцара еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра.

Аԥснытәи акоманда аформақәа рыла аиқәышәара  ахахьы иагеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аџьынџуаа қәыԥшцәа Адунеизегьтәи рыхәмаррақәа рхы аладырхәит 30 инареиҳаны адунеи атәылақәа рҟынтәи 450-ҩык аспортсменцәа. Ахәмаррақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган 6 спорттә хкы: анапылампыл, амҵәышәмпыл 3х3, астолтә ԥкьаҭмпыл, аӡысра, ашахматқәа, аспорттә еиқәԥара рзы аиндаҭларақәа.

Ахәмаррақәа реиҿкаара рхахьы иргеит –  Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра, Ашколтә спорт Урыстәылазегьтәи Афедерациа, Урыстәлатәи Афедерациа аспорт Аминистрра, Афонд «Росконгресс».    


Read 168 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 20:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.