Асаит х-бызшәакны иҟалоит - аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа рыла.
Архив афонд хада Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ишыблызгьы, уи аиҭашьақәыгылара шалымшогьы, архив аҿы иҟоуп даараӡа ирацәаны ажәытәӡатәи адокументқәа. Урҭ рахьынтә зегьы реиҳа ижәытәӡоу XIX ашәышықәса анҵәамҭа иаҵанакуеит. Зфотосахьа ҭыхыз, уажәы аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Дмитри Еныкь ишазгәеиҭаз ала, зыӡбахә имоу аусшәҟәқәа уи аирашәҟәытә (аметрикатә) уахәаматә материалқәа роуп. Урҭ рхархәарала дарбанызаалак Аԥсны инхо ауаҩы игенеологиа (ихылҵышьҭра) аилкаара (агәаҭара) илшоит. Ақьаад ирласны иԥхасҭахоит, убри аҟнытә ҳазҭаглоу аамҭазы архив аҿы ишьҭоу ауахәаматә материалқәа зегьы арестоврациа мҩаԥысуеит, иԥхьаӡацдыркуеит, иара убас аонлан-формат ахь ицәыргахоит.
Аԥсны иҟоу ауадаҩрақәа рҟынтәи зегьы раасҭа ихадоу абылрацәыхьчара иадҳәалоу апроблема ауп. Убри аҟнытә архив абылрашәарҭара ардыргақәеи абылрарцәаратә системем рырҿыцра иазкны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит. Иԥхастахаз абылрашәарҭара ардыргақәа аҿыцқәа рыла ирыԥсахуеит.
Жәларбжьаатәи архивқәа Рымш аҽны Дмитри Еныкь аҿар ирзеиӷьаишьеит иаҳа рҭоурых аганахьала азҿлымҳара аадырԥшларц, убри аан уи архив аҭҵаара, абжьааԥны аиҳабацәа раԥиԥара иаҵанакуа ауаа роуп еиҳа иазҿлымҳау ҳәа иазгәеиҭеит.
Иазгәаҭатәуп, асимвол ҳасабла Жәларбжьаратәи архивқәа Рымш Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабы Роман Ӷәынџьиа иира Амш ишақәшәаз. Уи иахьа ихыҵуеит 65 шықәса. 1994 шықәса инаркны Роман Ӷәынџьиа Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив анапхгаҩы имаҵураҭыԥ ааникылон, 2005 шықәсазы уи Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа анапхгаҩыс дҟарҵеит.
Дмитри Еныкь иколлегеи инапхгаҩи изеиӷьаишьеит агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аԥсуа ишықәснҵыра ду.
«Роман Ҳақыбеи-иԥа аибашьреи аҭынчреи иаҵанакуа зеиӷьаҟам ала идыруеит.
Иара 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Леон иорден акавалер иоуп», - ҳәа иҳәеит Дмитри Еныкь. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит 1993 шықәса инаркны 2003 шықәсанӡа Архивтә усбарҭа иахагылаз Николаи Иоанидии Роман Ӷәынџьиеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә Архив аиҭашьақәыргылара аус аҿы рлагала ду.
Аԥснытәи АССР Аҳәынҭқарратә архив аԥҵан 1929 шықәса рзы, уи ыҟан Аҟәа ақалақь аҿы. Жьҭаарамза 22, 1992 шықәса рзы, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа Аԥсны архиви Д. Гәлиа ихьӡ зху аҭоурыхи абызшәеи алитературеи рзы Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит.
Иузмырхынҳәуа иӡит архивтә материалқәа зегьы, афондқәа, Аԥсны XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы иҭыҵхьаз ашәҟәқәеи агазеҭқәеи. Ажәытәӡатәи аамҭахәҭа афонд аҿы мацара иҵәахын 17 нызықь цыра рҟынӡа инаӡоз аматериалқәа.