АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Рашәара.2024

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа ирылахәуп.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа амҽыша, рашәарамза 9 рзы имҩаԥысуа Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа ирылахәуп.

Аԥснытәи адепутатцәа Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент ахантәаҩы Алан Алборов иҟантәи ааԥхьара роуит. 

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп  Жәлар Реизара-Апарламент жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа, аекономикатә политика, ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак алахәыла Ерик Рштуни, иара убас Апарламент Аиҳабы азинтә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩ хада Денис Киут.  

Аԥснытәи анаԥшыҩцәа алхырҭатә ҭыԥқәа жәпакы ирҭааит, урҭ Апарламент ахь алхрақәа адемократатә ҩаӡара аҿы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәарҭеит.

Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала Аахыҵ Уаԥстәлатәи Ареспублика Апарламент ахь алхрақәа иара убас рхы аладырхәуеит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа Асҭамыр Ашәбеи Омари Шаҭ-иԥеи.  

 


Read 132 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 08:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.