АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Рашәара.2024

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа алахәылацәеи Аахыҵ Уаԥстәыла Ахадеи Апарламент ахантәаҩи реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи жәларбжьаратәи анаԥшра аҭара азы Аахыҵ Уԥстәылаҟа ицаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа рыдыркылеит Ареспублика Ахада Алан Гаглоеви Апарламент Аиҳабы Алан Алборови.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа ареспублика азы акыр зҵазкуа аусмҩаԥгатә рхы ахьаладырхәуа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара Аахыҵ Уаԥстәылеи аиашьаратә Аԥснытәи Ареспубликеи ирыбжьоу аҳәынҭқаррабжьаратәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара, аҳәынҭқарратә усхкқәа зегьы рыла аусеицура арҿиара шымҩаԥысло азгәеиҭеит.

Ахәҭакахьала, асасцәа Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иҟынтәи ироуз адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа иарҳәеит. Урҭ иазгәарҭеит алхрақәа рымҩаԥгара иҳараку аҩаӡараҿы ишымҩаԥысуа, насгьы алхыҩцәа активла алхрақәа ишрылаху. 

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублиа Апарламент Аиҳабы Алан Алборов аԥснытәи аделегациа алахәылацәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала алхрақәа рылахәхара азы ироуз ааԥхьара ахьрыдыркылаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи наҟ-ааҟ имҩаԥсуа аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа рылахәхарала аидгылара аадырԥшуеит, уи аҩ-ҳәынҭқаррак ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҩаԥхьа иарҵабыргуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент Аиҳабы иҭабуп ҳәа иарҳәеит алхрақәа рахь ироуз ааԥхьареи аиԥылареи рзы. Дара иазгәарҭеит ас еиԥш иҟоу аҵак ду змоу аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатә аҽалархәра гәахәара дула ишрыдыркыло.


Read 201 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 08:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.