АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Лаҵара.2024

Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аруаа аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Иури Кудимов аҳәаахьчаҩ Имш идиныҳәалеит.  

«Ареспублика Аԥсны Анапхгареи, хаҭала сара сыхьӡалеи Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахатәы еилазаареи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аҳәаахьчаҩ Имш.

Аҳәаахьчаҩ Имш ҳара ныҳәак иаҳзаҩызоуп – абар шьҭа  15 шықәса ҵуеит ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара азы аусмҩаԥгатәқәа реицынагӡара азы» ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа иҳараку апрофессионалтә ҩаӡара аҿы ҳҳәынҭқарра аҳәаақәа реицыхьчара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоижьҭеи. 

Ас еиԥш аӡбамҭа адкылара иҷыдоу, аԥсны-урыстәылатәи аидгыларатә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалахеит, насгьы арегионалтә ҭашәынтәалареи ашәарҭадареи рышьақәгылара хықәы хадас иаман.

Шәара шәмаҵзура ҳара ҳзы даараӡа акыр аҵанакуеит. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура  Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аруааи анапхгараҭареи Аԥсны Анапхгара аринахысгьы Аусбарҭа иахәҭоу адгылареи ацхыраареи анаҭалоит», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аҭакԥхықәра зцу русура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи, доусу рҭаацәарақәа рҿы агәабзиареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

 


Read 97 times - Ашәахьа, 10 Рашәара 2024 12:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.