АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Рашәара.2024

Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусура мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусура мҩаԥысуеит. Убри аан Аҟәа мышкы зны ҳҳәааҿы аушьҭырҭа анықәгахо аизыҟазаашьақәа рҟынӡа ҳнеип ҳәа агәыӷра рымоуп. Абри азы Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум - 2024 аҿы «РИА Новости» аинтервиу аҭо адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

«Аҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусура мҩаԥысуеит, аха Ԥсоу аӡиас ала иҟоу аҳәынҭқарратә ҳәаа, Урыстәыла аганахьала иҟоу аушьҭырҭа аԥхынтәи аамҳахәҭа  -  ԥхынгәымза, нанҳәамза, цәыббрамза рзы уаҳа налымшо аус ауеит. Автомашьынақәа ргәаҭара аушьҭратә ҭыԥ «Адлер» акурорттә аамҭазы иамоу ахьанҭара аантәы еизҳауеит. Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, аԥхын аԥсшьарамшқәа раан 11 нызқь инареиҳаны амашьынақәеи 60 нызқьҩык ауааԥсыреи аҩ-хырхарҭак рыла иахысуеит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, Ԥсоу аӡиас ихыу аҩбатәи ажәытә цҳа ахархәаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уажәы уи аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит, анаҩс иара ашьаҟауаа рзы ахархәара аҭахоит.  

«Уи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҳәаа ахысра еиҳа иармариоит. Аха агәыӷра сымоуп мышкы зны ҳҳәааҿы аушьҭырҭа анықәгахо аизыҟазаашьақәа рҟынӡа ҳнеип ҳәа. Аҳәаа нхоит, аха аушьҭырҭа аҭаххом», — ҳәа Аслан Бжьаниа иажәақәа аанагоит «РИА Новости».

Аслан Бжьаниа далахәуп XXVII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум, иара мҩаԥысуеит рашәара 5-8 рзы.

 

 


Read 138 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 20:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.