АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Рашәара.2024

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аус адулара иалагеит.

Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытабеи раԥшьгарала «Азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчра азы» Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аус адулара иалагеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Иарбоу азакәан апроект азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчра реизыҟазаашьақәеи урҭ рыбжьара азинмчы аихшареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа аиҭакрақәа  ралагалара азԥхьагәанаҭоит.

Аԥсны Ахада Аԥсны Апарламент ахь ахәаԥшразы инаишьҭыз Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект 2020 шықәсазы Аконституциатә реформазы акомиссиа иҟанаҵаз ажәалагалақәа ҳасаб рзуны еиқәыршәоуп.  

Иахьа имҩаԥысыз абри азҵааразы аилацәажәарақәа ирылахәын Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак Баҭал Аиба, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа, Аконституциатә реформазы акомиссиа алахәылацәа Баҭал Табаӷәуа, Гиви Габниа, Асҭамыр Ҭаниа, Олег Папасқьыр.

Аконституциатә закәан апроект иазԥхьагәанаҭоит:

– Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара – Аԥсны Ахада ила ишьақәгылахо аколлегиалтә усбарҭа аԥыхра;

– Аминистрцәа Реилазаара аԥыхра аԥыза-министри аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәеи рмаҵураҭыԥқәа раԥыхрагьы ацлоит;

– Апарламент ақәыршаҳаҭны аминистрцәа рмаҵурақәа рахаргылара;

– Зыдгалара мҩаԥысуа азакәан апроект аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аужьҭреи Апарламент ахь алхра ҿыцқәа рылаҳәареи рзы азин иоуеит адепутатцәа ирыдгалоу аминистрцәа ркандидатурақәа хынтә мап анырцәырклак ашьҭахь амаҵурақәа 1/3 рыхәҭа ҭацәны иаанхазар;

– Убри инамаданы, азакәан апроект Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә алхра аԥҟара шьақәнаргылоит;   

– Аҳәынҭқарра Ахада ареспублика анагӡаратә мчра ацентртә усбарҭақәа реилазаара ашьақәырӷәӷәаразы азинмчы иҭара;

 – Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ изинмчқәа хаз игоу закәанла рышьақәырӷәӷәара.

Азакәан апроект иааизакны адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит, аха убри аан уи анаҩс аус адулара шаҭаху, насгьы уи аиҭакрақәак ралагалара шахәҭоу азы агәаанагарақәа рҳәеит. Апарламент иарбоу азакәан апроект аус адулара иацнаҵоит.

 

 

 

 

 

 


Read 143 times - Асабша, 08 Рашәара 2024 16:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.